https://sputnik-abkhazia.info/20260921/khaty-ny-khaty-mtsa-any-azyrbo-azhaaa-rykhaa-1065739201.html
"Хатәы ҩны, хатәы мца": аҩны азырбо ажәаԥҟақәа рыхҳәаа
"Хатәы ҩны, хатәы мца": аҩны азырбо ажәаԥҟақәа рыхҳәаа
Sputnik Аҧсны
"Досу иҩны иара изгьамоуп" рҳәоит. Аҩны иазку ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа. 21.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-21T08:00+0300
2026-09-21T08:00+0300
2026-09-21T08:00+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/06/1046196507_0:0:3071:1728_1920x0_80_0_0_ad301888d3e80356b8b2e737910125af.jpg
Аҩны ԥшь-нбанк, ҩ-цырак иргәылагӡоу ажәа, арахь ҵыхәаԥҵәара змам аԥхарра узҭо. Уҩны гәакьа баша ҭӡамцқәам, хыбрам – уа хәыԥхала иахьуԥыло, убара иахьеигәырӷьо, ууадаҩрақәа ахьухашҭуа, умчи-улшеи ирхыҵхырҭоу ҭыԥуп. Досу иҩны иара изгьамоуп.Адәахьы аҷыхь аҿазаргь, уҩнаҟны, иузааигәоу рыгәҭаны “уԥхаҵәаҵәараӡа” ухы убоит. Уҩны уара “иухатәы баагәароуп” угәырӷьареи угәырҩеи уцеиҩызшо, аԥсҭазаара аҭагәҭасрақәа риааира улзыршо.Ажәаԥҟақәа рҿынтәАҩны аҵакы ганрацәала ажәаԥҟақәа ирныԥшуеит. Урҭ ҳҽыргәылаҳхалар иҳарҳәо рацәаӡоуп:· Абзиабара зыҩноу аҩны лашара агым. Зҳәатәы еиқәшәоу, еизыӡырҩуа, аҟыҟ-ҿык змам, бзиа еибабо аҭаацәара рыҩны аԥсҭазаара қьафла, насыԥла имҩасуеит.· Зыҩн ашә аарту уаннарԥхьа, уаргьы ушә аартны уца. Атәымџьара акрыфара-акрыжәра бзиа избо, иҩны ила хтызароуп. Дчеиџьыкауаҩызароуп, убри ауп иҳабжьнаго ари ажәаԥҟа.· Зыбла аарту аԥшәма, ихәашагьы ҿаҵоуп. Зыбла хту, игәырӷьо иуԥылаз аԥшәма, фатә бзиаӡак изцәырымгаӡаргьы, изфо-изжәуа ҳаҭыр ақәҵаны, еигәырӷьаны ирыдыркылоит.· Аԥшәма бзиа иҩнаҭаҿы "ҷыт-мыт" бжьы дазыӡырҩуан. Ахаҵа бзиа, аҩнаҭа аиҳабы иҭаацәараҿы уҳәан-сҳәан дазыӡырҩӡом, аӡә далацәажәаргьы иуӡом.· Сасгәашә ахьҿам, аҩнаҭа лашьцоуп. Сас дахьымнеиуа, чеиџьыка ахьыҟам аҩнаҭа гәырӷьара ыҟам, илашам.· Ҩнаҭа гәамсит – тәымџьара кылыԥш. Ауаа иреицәоу, аӡәы акы абаивзбари, аӡәы сабаихыччари ҳәа дыҟоуп.· Зыҩны иацәӷьычуа, икра уадаҩуп. Зуа-зҭынха ҵызшәаауа, зыуаажәлар ирԥырхаго ҟазҵо иеилкаара уадаҩуп. Аха иагьа умҳәан, аамҭа ауаа рсабрадақәа рыҿнахуеит. Досу дзакәугьы еилкаахоит.· Уҩны − уара ишуҭаху, сасра – аԥшәма ишиҭаху. Зтәылаҿы уҟоу, знапаҵаҟа уҟоу иҵас-иқьабз ныҟәугароуп, ҳаҭыр иқәуҵароуп.· Ҩын зызгылам, атәымуаа аҩныргылашьа дирҵон. Зхазы акгьы иаԥсам, акгьы злымшо, даҽаӡәы акы исырҵоит, сицхраауеит ҳәа даналагалак, абас рҳәоит.· "Аҩны иҩнармыжьлоз, ахәыԥҳара даҳәон"; "Абарҵахь инармышьҭуаз, аҩныргәы даҳәон". Зхы ззымдыруа, иаԥсам, иатәарымбо иқәнамго данашьҭалалак, данахьынҳалалак абас рҳәоит.· "Аӡәы иҩны дԥаҭхьуп, иара иҩны дфырӷьануп";"Зыҩны унеир исасу, уҩны дааир иаԥшәымоу". Зыҩны унеир, иудҳәаҵаланы зчеиџьыка уҿазымҵо, аха уҩны дааир, аԥшәмара иара иаанкылан акрыфара-акрыжәра иалаго изы ирҳәоит.· Абҩатә ҩны иҩназгьы бҩаҵәымаӷк игхеит. Ауаҩ иагьа дбеиазаргьы, иагьа имазаргьы, имам, игу-ибзоу ак ҟалоит.· Уҭынхацәа рыҩнаҭа сасра хҭаумкын. Уҭынха, ууа иҩны инамыцхәны анеи-ааи ҵугар, уи игәы ухшәоит, уара уахь абзиабара имоу ԥсадахоит.· Хатәы мца, хатәы ҩны. Аӡәы итәы иагьа ибзиазаргьы, ухатәы иду-ихәыҷы уара иузеиӷьуп.Аҵыхәтәаны ҳәамҭакДуаҩума, ԥсаатәума, гыгшәыгума изышьцылахьоу, ирзааигәоу аҭыԥ аҟноуп иманшәаланы ахныҟәгара, аԥсҭазаара ахьзалыршахо. Абасала зегьы "хатәы мца, хатәы ҩны" иазгәышьуеит. Арҿиаҩы Мушьни Миқаа иеизга "Тур ихәаа ражәабжьқәа" иагәылалаз ҳәамҭак абра зеиԥшыҟамкәа ианаалоит:"Ҽнак, аҳ имаҵуцәа ахьныҵыҵыз, машәыршәа ҷынҷак ркит. Ари аҷынҷа аҳ иҷкәын хәыҷы изаҳгар, деигәырӷьап рҳәан, аҳҭынраҿы ирыманы иааит. Аҳ иҷкәын адунеи азна деигәырӷьеит. Аха изхәарҭоузеи, аҷынҷа ахьҭа иакын, иеиҵасны ақыџьқыџьра иалагеит. Иҟарҵахуааз, аҳ имаҵуцәа аалаган, аҷынҷа абырфын хызақәа ақәырҵан, иҭаҳәҳәаны, иакәшо, иахамшәало – инаганы ишьҭарҵеит. Аха уаҳа умԥсит, аҷынҷа ацхахә еихамгыло еиҳагьы ирыхьҭышьит. Аҷынҷа дырԥхарц зназы абамба еимырттааны, агәҭаҵәҟьа иныладыртәеит, аха иамыхәеит. Акыр иарԥхозар, амца иарԥхоит рҳәан, ар рымца еиқәҵаны иҽҳәадыртәеит. Аха уаак зынӡа илаҳәит, аԥсхыхра иақәнакит. Агәы аҭра иҭамгыло, аҟәараҳәа аиҵасра иалагеит. Арахь, аҳ иԥазаҵә дшахьҵәыуоз, дӷьазкит.Аҵыхәтәан, аҳ даахәыцын:– Иоушәышьҭ, наҟ абри аҷынҷа, амала, иахьцо, иҟанаҵо шәашьҭаланы игәашәҭ, шәылаԥш иҵшәмыршәан, – иҳәеит, аҳ.Ас аҳ ианиҳәа, амаҵуцәа аҷынҷа аурышьҭын, иахьцо аабоит ҳәа, ашьҭаԥшра иалагеит.Аҷынҷа ԥырны ишнеиуаз, аҳҭынра агәара иалагылаз алҵла иақәыз ашыцламшә иналатәан:Оҳ, гәышьа, оҳ, гәышьа,Хатәы мца, хатәы ҩны,Хатәы мца, хатәы ҩны,Ҷыт, ҷыт, ҷыт, - аҳәеит".
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/06/1046196507_0:0:2729:2047_1920x0_80_0_0_3491ab320dc79b6dc7cd37cd7425654c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
жәлар рдоуҳа, аԥсны
"Хатәы ҩны, хатәы мца": аҩны азырбо ажәаԥҟақәа рыхҳәаа
Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
"Досу иҩны иара изгьамоуп" рҳәоит. Аҩны иазку ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аҩны ԥшь-нбанк, ҩ-цырак иргәылагӡоу ажәа, арахь ҵыхәаԥҵәара змам аԥхарра узҭо. Уҩны гәакьа баша ҭӡамцқәам, хыбрам – уа хәыԥхала иахьуԥыло, убара иахьеигәырӷьо, ууадаҩрақәа ахьухашҭуа, умчи-улшеи ирхыҵхырҭоу ҭыԥуп. Досу иҩны иара изгьамоуп.
Адәахьы аҷыхь аҿазаргь, уҩнаҟны, иузааигәоу рыгәҭаны “уԥхаҵәаҵәараӡа” ухы убоит. Уҩны уара “иухатәы баагәароуп” угәырӷьареи угәырҩеи уцеиҩызшо, аԥсҭазаара аҭагәҭасрақәа риааира улзыршо.
Аҩны аҵакы ганрацәала ажәаԥҟақәа ирныԥшуеит. Урҭ ҳҽыргәылаҳхалар иҳарҳәо рацәаӡоуп:
· Абзиабара зыҩноу аҩны лашара агым. Зҳәатәы еиқәшәоу, еизыӡырҩуа, аҟыҟ-ҿык змам, бзиа еибабо аҭаацәара рыҩны аԥсҭазаара қьафла, насыԥла имҩасуеит.
· Зыҩн ашә аарту уаннарԥхьа, уаргьы ушә аартны уца. Атәымџьара акрыфара-акрыжәра бзиа избо, иҩны ила хтызароуп. Дчеиџьыкауаҩызароуп, убри ауп иҳабжьнаго ари ажәаԥҟа.
· Зыбла аарту аԥшәма, ихәашагьы ҿаҵоуп. Зыбла хту, игәырӷьо иуԥылаз аԥшәма, фатә бзиаӡак изцәырымгаӡаргьы, изфо-изжәуа ҳаҭыр ақәҵаны, еигәырӷьаны ирыдыркылоит.
· Аԥшәма бзиа иҩнаҭаҿы "ҷыт-мыт" бжьы дазыӡырҩуан. Ахаҵа бзиа, аҩнаҭа аиҳабы иҭаацәараҿы уҳәан-сҳәан дазыӡырҩӡом, аӡә далацәажәаргьы иуӡом.
· Сасгәашә ахьҿам, аҩнаҭа лашьцоуп. Сас дахьымнеиуа, чеиџьыка ахьыҟам аҩнаҭа гәырӷьара ыҟам, илашам.
· Ҩнаҭа гәамсит – тәымџьара кылыԥш. Ауаа иреицәоу, аӡәы акы абаивзбари, аӡәы сабаихыччари ҳәа дыҟоуп.
· Зыҩны иацәӷьычуа, икра уадаҩуп. Зуа-зҭынха ҵызшәаауа, зыуаажәлар ирԥырхаго ҟазҵо иеилкаара уадаҩуп. Аха иагьа умҳәан, аамҭа ауаа рсабрадақәа рыҿнахуеит. Досу дзакәугьы еилкаахоит.
· Уҩны − уара ишуҭаху, сасра – аԥшәма ишиҭаху. Зтәылаҿы уҟоу, знапаҵаҟа уҟоу иҵас-иқьабз ныҟәугароуп, ҳаҭыр иқәуҵароуп.
· Ҩын зызгылам, атәымуаа аҩныргылашьа дирҵон. Зхазы акгьы иаԥсам, акгьы злымшо, даҽаӡәы акы исырҵоит, сицхраауеит ҳәа даналагалак, абас рҳәоит.
· "Аҩны иҩнармыжьлоз, ахәыԥҳара даҳәон"; "Абарҵахь инармышьҭуаз, аҩныргәы даҳәон". Зхы ззымдыруа, иаԥсам, иатәарымбо иқәнамго данашьҭалалак, данахьынҳалалак абас рҳәоит.
· "Аӡәы иҩны дԥаҭхьуп, иара иҩны дфырӷьануп";"Зыҩны унеир исасу, уҩны дааир иаԥшәымоу". Зыҩны унеир, иудҳәаҵаланы зчеиџьыка уҿазымҵо, аха уҩны дааир, аԥшәмара иара иаанкылан акрыфара-акрыжәра иалаго изы ирҳәоит.
· Абҩатә ҩны иҩназгьы бҩаҵәымаӷк игхеит. Ауаҩ иагьа дбеиазаргьы, иагьа имазаргьы, имам, игу-ибзоу ак ҟалоит.
· Уҭынхацәа рыҩнаҭа сасра хҭаумкын. Уҭынха, ууа иҩны инамыцхәны анеи-ааи ҵугар, уи игәы ухшәоит, уара уахь абзиабара имоу ԥсадахоит.
· Хатәы мца, хатәы ҩны. Аӡәы итәы иагьа ибзиазаргьы, ухатәы иду-ихәыҷы уара иузеиӷьуп.
Дуаҩума, ԥсаатәума, гыгшәыгума изышьцылахьоу, ирзааигәоу аҭыԥ аҟноуп иманшәаланы ахныҟәгара, аԥсҭазаара ахьзалыршахо. Абасала зегьы "хатәы мца, хатәы ҩны" иазгәышьуеит. Арҿиаҩы Мушьни Миқаа иеизга "Тур ихәаа ражәабжьқәа" иагәылалаз ҳәамҭак абра зеиԥшыҟамкәа ианаалоит:
"Ҽнак, аҳ имаҵуцәа ахьныҵыҵыз, машәыршәа ҷынҷак ркит. Ари аҷынҷа аҳ иҷкәын хәыҷы изаҳгар, деигәырӷьап рҳәан, аҳҭынраҿы ирыманы иааит. Аҳ иҷкәын адунеи азна деигәырӷьеит. Аха изхәарҭоузеи, аҷынҷа ахьҭа иакын, иеиҵасны ақыџьқыџьра иалагеит. Иҟарҵахуааз, аҳ имаҵуцәа аалаган, аҷынҷа абырфын хызақәа ақәырҵан, иҭаҳәҳәаны, иакәшо, иахамшәало – инаганы ишьҭарҵеит. Аха уаҳа умԥсит, аҷынҷа ацхахә еихамгыло еиҳагьы ирыхьҭышьит. Аҷынҷа дырԥхарц зназы абамба еимырттааны, агәҭаҵәҟьа иныладыртәеит, аха иамыхәеит. Акыр иарԥхозар, амца иарԥхоит рҳәан, ар рымца еиқәҵаны иҽҳәадыртәеит. Аха уаак зынӡа илаҳәит, аԥсхыхра иақәнакит. Агәы аҭра иҭамгыло, аҟәараҳәа аиҵасра иалагеит. Арахь, аҳ иԥазаҵә дшахьҵәыуоз, дӷьазкит.
– Иоушәышьҭ, наҟ абри аҷынҷа, амала, иахьцо, иҟанаҵо шәашьҭаланы игәашәҭ, шәылаԥш иҵшәмыршәан, – иҳәеит, аҳ.
Ас аҳ ианиҳәа, амаҵуцәа аҷынҷа аурышьҭын, иахьцо аабоит ҳәа, ашьҭаԥшра иалагеит.
Аҷынҷа ԥырны ишнеиуаз, аҳҭынра агәара иалагылаз алҵла иақәыз ашыцламшә иналатәан:
Ҷыт, ҷыт, ҷыт, - аҳәеит".