00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Уаҩ ирҿиазоуп иҭынхо: Витали Амаршьан диижьҭеи 85 шықәса ҵит

© Foto / предоставил Анатоли ЛагәлааВитали Амаршьан
Витали Амаршьан - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2026
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ирымҳәои — зԥа дымԥсыц уԥа диумырҵәуан ҳәа. Жәлар рпоет Витали Амаршьан иҷкәын заҵәы "иара дубаанӡа иччаԥшь уҿалашоит" ҳәа ззырҳәоз Беслан, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраҿы дҭахеит.
Ҳаизааигәан сызҳәом, аха избон, аибашьра ашьҭахь даара ахьаа ду иаҵаз уаҩны амҩадуқәа дшырнысуаз Витали. Иагьа ус акәзаргьы даҵамхарц арҿиаратә ԥсҭазаара дацәхьаҵуамызт, уимоу исҳәар ауеит иреиӷьӡоу ирҿиамҭақәа аамҭа уадаҩ азы иҭыҵит ҳәа.
"Абырсҟак ауадаҩра дуӡӡа сышҭагылоугьы, дырҩагьых саҵахар ҟалом ҳәа схала схы-сгәы сырӷәӷәоит", — иҩуеит Амаршьан аибашьра ашьҭахь.
Иахьа 85 шықәса наигӡон апоет, апрозаик, аиҭагаҩ Витали Амаршьан ҳааигәа дыҟазҭгьы. 79 шықәса дшырҭагылаз 2020 шықәсазы идунеи иԥсахит ԥсыцқьала зыԥсадгьыл бзиа избоз арҿиаҩы. Амаршьан дахьынӡаздыруаз дуаҩ ҭынчын, мыцхәы ауаа рылагьы дыхгыломызт, ихы аӡыргарагьы дашьҭамызт. Ирҿиара зегьы унагәылаԥшыр иубоит, ган рацәала арҿиартә усумҭақәа аԥхьаҩцәа рызнагара шакәыз хықәкы хадас имаз. Хыхь ишысҳәаз еиԥш, ашәҟәыҩҩы иԥазаҵә данҭаха ашьҭахь игәабзиара акыр ианыԥшит, ҳәарада игәы анкаҳауазгьы ыҟан, аха зегь акоуп апоезиа ала иԥсыԥ лаигаҩеигон, избанзар иара ишиҳәаз еиԥш "Уаҩ ирҿиазоуп иҭынхо" ( "Ахԥатәи сашәа"):
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәАибашьраан иҭахаз Витали Амаршьан иԥа Беслан Амаршьан
Аибашьраан иҭахаз Витали Амаршьан иԥа Беслан Амаршьан - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2026
Аибашьраан иҭахаз Витали Амаршьан иԥа Беслан Амаршьан
Аҵла хырхәоит, амахә шьҭасуеит,
Ҵаҟа еиқәылоит асырҳәы.
Сымҩахь ҭынчрам, аԥша асуеит,
Аха снеиуеит сымлаҳәы…
Снеиуеит, саԥхьа имардароуп,
Сышьҭахь иааиуа иргәаԥхо,
Сыграпара мҩа цқьахароуп —
Уаҩ ирҿиазоуп иҭынхо.
Иахьатәи санҵамҭаҿы хықәкыс исымам еиԥкааны ашәҟәыҩҩы инысымҩа зегь аиҭаҳәара, уи ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа, аенциклопедиақәа рҿы шәаԥхьаргьы шәылшоит. Ус акәзаргьы, иааркьаҿны еиҭасҳәозар, егьырҭ ашәҟәыҩҩцәа раӷьырак реиԥш аԥсуа редакциақәа дрыдҳәалан. Иԥшәма ԥҳәыс Венера Ԥлиаԥҳаи иареи Аҟәа инхон, ирызҳауан рԥа Беслани рыԥҳа Белеи (Амра). Витали Џьота-иԥа аус иуан ажурнал "Алашара" аҭакзыҧхықәу маӡаныҟәгаҩс, ашьҭахь аредактор хада ихаҭыҧуаҩс, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа амаӡаныҟәгаҩс.
Уажәшьҭа иаасыртуеит ауаҩы аамысҭашәа ишәҟәқәа рдаҟьақәа, иалкаау ргьама шәсырбарц. Витали Амаршьан џьахаџьафарала иааӡаз уаҩын, дышқәыԥшӡаз иаб диԥхеит, иашьцәеи иареи рааӡара иани лаҳәшьцәеи рхахьы иргеит. Аҵара згәы ахымшәоз уаҩын ҳҳәар ҳалшоит Амаршьан, избанзар Аҟәа иреиҳау аҵараиурҭа даналга ашьҭахьгьы Москва алитературатә институт ашҟа дцоит апоезиа амаӡақәа рыҭҵааразы.

"Иҟоуп алитература ахаҭа ҟазҵо, уи аҩаӡара шьақəзыргыло алыԥшаахқəа, иалкаау абаҩхатəрақəа. Витали Амаршьан убарҭ ашəҟəыҩҩцəа, апоетцəа дреиуан ҳаԥсуа литератураҿы. Иреиӷьу ипоезиатə, ипрозатə аԥҵамҭақəа ҳлитература ахара иӡырызгоз ҩымҭақəоуп, убас егьаанхоит, урҭ еиуеиԥшым абызшəақəа рахь еиҭагоуп, иҭоурыхтə роман "Аԥсҳа" инаркны", — ҳəа азгəеиҭахьан Мушьни Лашəриа Sputnik Аԥсны адаҟьаҿы.

Витали Амаршьан аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыбжьара аиҩызара бзиа ныҟәызгоз уаҩын, илиркаҿы уи дазхәыцуан ("Аиҩызара аамч"):
Шәарҭа ҳәа сымам — сҩыза дааигәоуп,
Шәарҭа ҳәа сымам — сҩыза дымроуп.
Акы заҵәык — хьаас исымоу есқьынгьы:
Иара изы сымроумашь саргьы?
Зԥазаҵә дҭахаз ашәҟәыҩҩы дызҵаз аидара хьанҭа иҩызцәагьы игәарҭон аибашьра ашьҭахь. Игәылара инхоз, акыр изааигәаз аҵарауаҩ Владимир Аҵнариа иара изикыз ацәаҳәақәа ирнубаалоит агәкаҳара ҟамларц азы иҩыза игәы ширӷәӷәоз:
Егьа гәаҟра ухыугазаргь,
укалам аԥсы аумыршьан.

Уажәа-цыхаӡ ыҵхәраа иааиуеит,
уи ҿахәҳәагоуп ҳара ҳзы.
Уус уаҟәымҵын, џьара ухьамҵын,
ушнеиц унеила ԥхьаҟагьы!
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәБ. Шьынқәбеи В. Амаршьани Афырхацәа рпантеон аҿы
Б. Шьынқәбеи В. Амаршьани Афырхацәа рпантеон аҿы - Sputnik Аҧсны
1/3
Б. Шьынқәбеи В. Амаршьани Афырхацәа рпантеон аҿы
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәАиҩызцәа гәакьақәа В. Амаршьани В. Аҵнариеи
Аиҩызцәа гәакьақәа В. Амаршьани В. Аҵнариеи - Sputnik Аҧсны
2/3
Аиҩызцәа гәакьақәа В. Амаршьани В. Аҵнариеи
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәВ. Амаршьан Москватәи Алитературатә институт ицалгаз иҩыза гәакьа Иури Кузнецови иареи
В. Амаршьан Москватәи Алитературатә институт ицалгаз иҩыза гәакьа Иури Кузнецови иареи - Sputnik Аҧсны
3/3
В. Амаршьан Москватәи Алитературатә институт ицалгаз иҩыза гәакьа Иури Кузнецови иареи
1/3
Б. Шьынқәбеи В. Амаршьани Афырхацәа рпантеон аҿы
2/3
Аиҩызцәа гәакьақәа В. Амаршьани В. Аҵнариеи
3/3
В. Амаршьан Москватәи Алитературатә институт ицалгаз иҩыза гәакьа Иури Кузнецови иареи
Витали Амаршьан дааигәаӡаны дыздыруан сзымҳәозаргьы, ҳамҭас исиҭеит аибашьра ашьҭахь иҭыҵыз иҩымҭақәа реизга. Аиашазы, иҿыцны усҟан сыбла иаахгылеит ароман "Аԥсҳа". Сагәыланахалаӡан еиԥкааны саԥхьеит иссирӡоу уи аҭоурыхтә роман. Абраҟа даҽаџьара иеиԥшымкәа Амаршьан идырреи ибаҩхатәреи ааԥшызшәа сыҟоуп. Избанзар, ажәа сахьарак иагәылаҵәахуп аҭоурых ду. Амаршьан игәалашәарақәа рҿы ишиҩуа ала, инапҩыра Аҟәа даналҵуаз иаанижьит, "сеиҭаргьежьуеит" иҳәан ишьҭимхит. Насыԥны еиқәхеит Аԥсҳа Леуан изкыз ароман, аха Аҟәаҟа дзыхнымҳәит 21 шықәса инарҭысыз Беслан, уи ихы ақәиҵеит иԥсадгьыл. Ашәҟәы ахьаауртуа иануп Беслан Амаршьан ифото. Аб уи аҵаҟа абас аҵаиҩит:
Ссахьа аҭыԥан усахьа анысҵоит,
Уи азы исызҭода гәыбӷан?
Аԥсҳа ихьӡала Афырхаҵа ухысҵоит,
Ужәлар ухьчеит азын, с- Беслан...
Ароман "Аԥсҳа" еибаркуп сахьажәала. Ашәҟәыҩҩы асахьарк ажәазы дышмаџьанамыз убоит уи раԥхьатәи адаҟьақәа инадыркны:
"Ирацәаҩын адныҳәаларазы иаауаз, еиҳарак аҳәса. Урҭ ахан-иԥацәа дуқәа ран илываӷӷа илыкәшаны, ҵаҟа еилыӷрааӡа икаршәыз ауарҳал инықәтәон".
Амаршьан ари ароман иҩуан 1988-1993 шықәсқәа рыбжьара. Иҩымҭақәа реизга 2006 шықәсазы ианылеит. Ҳәарада, ари ароман иамыԥхьац шәыҟазар, шәхьасырԥшырц сҭахуп зқьи ҩышә шықәса зхыҵуаз Аԥсны аҭоурых иазку апроза ссир аашәыртырц. Витали Амаршьан иара убас, иҷкәын ихьӡниҩлеит амшынҵатә ҟазшьа змоу аҭоурыхтә хьӡыртәра "Уашхәа мақьаԥсыс". Араҟа автор шьаҿа-шаҿала аибашьра аамҭазы дызнысыз амҩа игәалаиршәоит. Аха, автор иҳәоит иара иеиԥш зыҷкәынцәа ҭахаз шырацәаҩу, убри аҟынтәи ихы мацара дахашшаауа иаԥиҵаз ҩымҭаны ишыҟам:
Ари сара схала слахьынҵа акәӡам,
Ари сыжәлар шәлахьынҵоуп…
Виталий Амаршан - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2023
Аԥсны
Алахьынҵа бзиа зцымныҟәаз апоет: Витали Амаршьан игәалашәара иазкны
Амаршьан иҷкәын иҭахара амш игәаларшәо иҩуеит абас угәы ҭызшьааша ацәаҳәақәа: "Ичҳа, ичҳа абааԥсы… уҷкәын думырԥхашьан", — схы сналабжьеит доуҳатә мчы ҳәа акыр сылазаргьы еизыркәкәаны…".
Витали Амаршьан иԥа ҭахеит ноиабр 3 1992 шықәсазы раԥхьатәи Шьроматәи ажәылара анаԥшьгаз. Иааирԥшыз агәымшәаразы ианашьоуп "Леон иорден". "Уашхәа мақьаԥсыс" аҿы ашәҟәыҩҩы игәаҵӷа иҷкәын иҭахара ианкылнаблааз игәаларшәо иҩуеит:
" Аҽны исхахәлеит — илашьцеит сдунеи, амра рацәаххыраха ибылны икыдын ажәҩан. Сара сакәзар, сбылны сыццышәха ҵаҟа скаԥсан, аԥша-ҩа бааԥс иасуаз сыццышә шьҭыхны , ихҩаа-ҿҩаа, еиқәыҷыҷ игылаз абаҳча-қәаҵара иҵанагалон…".
Аибашьра ашьҭахьтәи раԥхьатәи аамҭақәа рзынгьы, ашәҟәыҩҩы изымариамызт, аха игәы иҭиҳәаауан "ичҳа, ичҳа". Уи аамҭазы иаԥиҵаз илирика цәгьа ианубаалоит ахьаа ду:
Уаҩ дыҟаӡам сааигәара,
Схьаа цәгьа збауа!
Адгьыл цәҳәыра, агәысакара
Сықәгылоуп ҿыҭуа!
Витали Амаршьан илитературатә ҭынха еиуеиԥшым ажанрқәеи атемақәеи рнубаалоит, аха заатәи илирика амузыкеи ацәаҳәа еинраалеи шагәылыҷҷо убоит:
Ибыбышӡа игылоуп аҵәаҵла,
Акакала ашәҭқәа ҿышәшәоит.
Лгәырӷьара агәырӷьара нацло,
Ԥҳәызбак уи амҵан дшәаҳәоит.
Апоет Амаршьан абзиабаратә лирикеиԥш, аԥсабара асахьа аҭыхрагьы уамашәа дазҟазан. Абар иара хәылԥазтәи асахьақәа шааирԥшуа:
Инӡаалеит амра амшын,
Нас ашьшьыҳәа уахь инҭалеит.
Уи аҭалара иазыԥшын,
Аеҵә ажәҩан инаҿалеит.
Икыдлеит амза аҽҳаракы,
Иадыркызшәа уа цәашьыс.
Иканамыршәуашәа ахацкы,
Ҳаҩны иакәшоит ахәлыԥҵыс.
© FotoВитали Амаршьан иҭаацәеи иареи
Витали Амаршьан иҭаацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
1/2
Витали Амаршьан иҭаацәеи иареи
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәВитали Амаршьан аҭоурыхтә роман "Аԥсҳа" аныиҩуаз аамҭазы
Витали Амаршьан аҭоурыхтә роман Аԥсҳа аныиҩуаз аамҭазы - Sputnik Аҧсны
2/2
Витали Амаршьан аҭоурыхтә роман "Аԥсҳа" аныиҩуаз аамҭазы
1/2
Витали Амаршьан иҭаацәеи иареи
2/2
Витали Амаршьан аҭоурыхтә роман "Аԥсҳа" аныиҩуаз аамҭазы
Витали Амаршьан иԥа заҵә иҭахара аҭаацәа зегьы гәырҩа хьанҭаны ирзыҟалеит. "Уашхәа мақьаԥсыс" аҿы иҟоуп иалкааны "Ан лнапала илҩыз лыгәҭыхажәақәа", араҟа иаҳбоит ан луаз. Венера Ԥлиаԥҳа лыԥҳаи лареи Витали инеигоз ахьанҭара даргьы аҵагылан.
"С- Беслан лаша иҭәыцны ихызар сыбла ихысымхуаз, сыԥсахаара зегь злаз сыҷқәын, сгәыӷырҭа ду, данҩаҵхаханахыс дзышьҭаз ахаҵарамҩа данылеит, хьыӡла-ԥшалагьы иԥсадгьыл аҿаԥхьа идыз ауалԥшьа наигӡеит!", — аҳәоит ан луаз.
Амаршьан иԥҳа дымгәырҩарцаз ажәеинраалала длацәажәоит ("Аиаҳәшьа"):
Бымҵәуан, Амра, башьа изыҳәа,
Бгәы ԥшаауазааит иагагьы!
Былабжыш кабымԥсан аҳәҳәыҳәа,
Анцәа ибџьишьом еиҳагьы.
Дышәҩыкны дбымамзи башьазаҵә,
Дыхьӡырҳәагамзи б-Беслан,
Аӷа данҳақәла иҽиҵәахуазма —
Аԥсни бареи шәихьчауан!
Амаршьан 20 инареиҳаны ижәеинраалақәеи ипрозатә ҩымҭақәеи еидызкыло ишәҟәқәа ҭыҵхьеит. Убарҭқәа рнаҩс иара деиҭагаҩын, аԥсышәала ирцәажәеит В. Соколов, Р. Гамзатов уҳәа ражәеинраалақәа, иара убас, В. Шукшин, Гь. Гәлиа, Е. Басариаԥҳа реиԥш иҟаз анагақәа рҩымҭақәа. Витали Амаршьан иааԥсарақәа азгәаҭаны 2015 шықәсазы Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ҳәа ахьӡ ихҵан, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеа далауреатын, "Ахьӡ-Аҧша" аорден II аҩаӡара ианашьан.
Ақәра ду изнамгеит Витали Амаршьан, аха инысымҩеи ирҿиареи ажәлар рҭоурых иахәҭакны иаанхоит. Аҵыхәтәанынӡа ихәыцреи иажәеи ирылан — Ҳҿахәы, ҳҿахәы… ҳҿахәы ҳҳәалароуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0