Аҟәатәи авокзал ахыби, аԥенџьырқәеи, ашәқәеи рыԥсахра хыркәшоуп
13:41 23.09.2026 (ирҿыцуп: 14:03 23.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 23 — Sputnik. Аҟәатәи авокзал ахыби, аԥенџьырқәеи, ашәқәеи рыԥсахра хыркәшоуп ҳәа иҳәеит Аԥснытәи аихамҩақәа апассаџьыртә маҵзура аиҳабы Руслан Ҳаразиа.
Иара убасгьы ахыркәшарахь инеит авокзал иаԥну ашҭаҿы акаҭрани ашьаҟамҩатә хаҳәҟьаԥси рышьҭаҵара.
Уажәы, аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыҩнуҵҟа аҭӡамцқәа ирылалоз аҳәынҵәа аҟынтәи ахыбра аҿаԥшылара арыцқьаразы аусура цоит. Уи ашьҭахь аспециалистцәа аиҟәԥарақәеи аԥҽыхақәеи шьыхны, аҭӡамцқәа ршәуеит ҳәа азгәеиҭеит Ҳаразиа.
Арҭ аусурақәа зегьы ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмза нҵәаанӡа рхыркәшара ргәы иҭоуп, 2027 шықәсазы азыԥшратә зали акассеи реиҭашьақәыргылара иалагоит.
Ҳаразиа аусура абри ахәҭа еиҳа аџьабаа ацуп ҳәа ахиҳәааит, избанзар арԥшьшьареи аџьоуҳарқәеи реиҭашьақәыргылара раԥхьа ишьҭоуп. Ари аус аҳәаанырцәтәи аспециалистцәагьы адыԥхьалахоит.
Руслан Ҳаразиа иазгәеиҭеит Аҟәатәи авокзал атәылаҿы зегьы ишреиҳау, инагӡатәу, иҟалараны иҟоу аусурақәа рымҽхак шыҭбаау. Иара игәалаиршәеит уи инаваргыланы егьырҭ ақалақьқәа рҿы авокзалқәа реиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа. Ҿырԥштәыс иааигеит аусурақәа ахьыхдыркәшахьоу Афонҿыцтәи авокзал. Урҭ АЕ ахатәы ԥарақәа рыла инагӡоуп.