АЖәР жәларбжьаратәи аекспедициа аихшьаалақәа ҟарҵеит Sputnik апресс-центр аҟны
15:40 23.09.2026 (ирҿыцуп: 16:15 23.09.2026)

© Video screenshot
Анапаҵаҩра
Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа иааит 16 тәыла рҟынтәи 22-ҩык асасцәа.
АҞӘА, цәыббра 23 — Sputnik. Аԥсны АЖәР жәларбжьаратәи аекспедициа аихшьаалақәа рыла, адунеи ахьынӡанаӡааӡо ҳтәыла аӡбахә еиҭазҳәало 22 "лашарбага" аиуит ҳәа иԥхьаӡоит Аҿари аспорти русқәар рзы Аҳәынҭеилакы аҿартә ҟәша аиҳабы Беслан Аршба.
Аекспедициа хәымш имҩаԥысуан, уи иалахәын Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль ашьҭахь Аԥсныҟа иааз 16 тәыла рхаҭарнакцәа. Урҭ Гагра, Риҵатәи амилаҭтә парк ирҭааит, Ауадҳара аҵх рхыргеит, рыпроектқәа атәыла ахада Бадра Гәынба идыргалеит.

Аԥсны иҟоу ААРА Ахаҭарнакра адиректор Иулиа Красцова илҳәеит, ас еиԥш иҟоу афестивальқәа атәыла алшарақәа шаанарԥшуа, аҳәаанырцәтәи аҿар уи аҿиара дырбара ишацхраауа.
Лара лажәақәа рыла, Аԥсны аделегатцәа даара ргәы иақәшәеит, алахәылацәа аӡәырҩы ара анхара шырҭаху атәы рҳәеит.

Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль аԥснытәи алахәыла Гьаргь Оҭырба аҵаратәи арлахҿыхратәи секциақәа рҟынтәи еиҳа игәалашәараҿы иаанхеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои дареи реиԥылара.
"Сара ахаан сгәы иаанагомызт, ас еиԥш иҟоу ауаҩы иформалтәым аҭагылазаашьала столк ицадтәалара сылшоит ҳәа. Даара игәахәаран Сергеи Владилен-иԥа аҿар дахьрызҿлымҳаз, афестиваль шымҩаԥысуа дахьазҵаауаз", — ҳәа иҳәеит иара.
Гьаргь Оҭырба изы ари аҩыза аҩаӡара змоу афестиваль аҽалархәра раԥхьатәи ԥышәоуп. Иара агәыӷра ааирԥшит аринахысгьы ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа рылахәхара, аԥышәеи адырреи роура залыршахап ҳәа.