Михаил Малахов ААУ "Адыррақәа Рыҩны" аҿы астудентцәа дырԥылеит
16:42 23.09.2026 (ирҿыцуп: 17:01 23.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 23 — Sputnik. Урыстәыла афырхаҵа, аныҟәаҩ, аполиартә ҭҵааҩы Михаил Малахов ААУ "Адыррақәа Рыҩны" аҿы астудентцәа дырԥылеит.
Алекциаҿы иара далацәажәеит иекспедициақәа шаздырхиоз, алахәылацәа зыниақәоз, урҭ аҭоурых азы ҵакыс ирымоу, аныҟәаҩцәа рхықәкы анынаӡалак ирызцәырҵуа ацәаныррақәа ртәы.
Малахов зегь реиҳа еицырдыруа иекспедициақәа руак мҩаԥысит 1989 шықәса рзы. Уи Еиду амилаҭқәа Реиҿкаара ахылаԥшрала канадатәи Колумбиа ахықә инаркны Аҩадатәи аполиус аҟынӡа амҽханакуан.
1992 шықәсазы иара раԥхьаӡакәны Урыстәыла абираҟ Аҩадатәи аполиус ахь инеигеит, хышықәса рышьҭахь Канада ауаҩԥсы Ричард Вебери иареи аҭоурых аҿы ираԥхьатәиз Канада инаркны Аҩадатәи аполиус аҟынӡа инеины шьҭахьҟа игьыжьит. Уи азы Урыстәыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵоуп. Иахьа уажәраанӡагьы уи амҩа аӡәгьы дзахымсыцт.
Малахов абарҭ апринципқәа дрықәныҟәоит: ушыҟоу аиԥш аҟазаара, акгьы азымҵаара, уҿаԥхьа ахықәкы ақәыргылара, ауаатәыҩса рхы иадырхәаша иахәҭоу, ихәарҭоу алҵшәа аиура.