Ашәарыцалақәа рреспубликатә цәыргақәҵа мҩаԥысит Аԥсны
17:18 23.09.2026 (ирҿыцуп: 17:53 23.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 23 — Sputnik. Ашәарыцалақәа рреспубликатә цәыргақәҵа мҩаԥысит Аԥсны.
Жәаҩыла алақәа рыԥшәмацәа рааӡамҭацәа наргеит ашәарыцаҩцәеи аԥсыӡкыҩцәеи Реилазаара еиҿнакааз ацәыргақәҵахь. Алахәылацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп абарҭ алажәлахкқәа: англыз поинтерқәеи асеттерқәеи, курцхаараа, дратхаараа, зеиуа маҷу бретонтәи аеспальонлиқәа.
Ажиури алақәа рҭеиҭыԥш мацара акәмызт ахәшьара зырҭоз. Ихадаран иалыркаауаз урҭ русуратә ҟазшьақәа роуп ҳәа аҳәоит "Абаза-ТВ" аҟны анҵамҭаҿы.

"Ҳара хымԥада аусуратә ҟазшьақәа ахәшьара раҳҭоит — ала шаҟа ибзианы ишәарыцар алшо. Уи ашьақәырӷәӷәаразы адәынтәи адипломқәа ацзароуп", — ҳәа иҳәеит ашәарыца-лааӡаразы аексперт Сергеи Матвеев.
Иреиӷьу англыз сеттер традициала аԥхьахә ҷыда иоуеит – ҩ-иашьыкьк апатронақәа. Уи ала аԥшәма ирҭоит, ашәарыцареи уи алажәлеи бзиа избоз Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазкны.
Алақәа ахәшьара рыҭараҿы аԥснытәи специалистцәа ирыцхраауеит урыстәылатәи аекспертцәа. Ацәыргақәҵа аихшьаалақәа рыла иреиӷьу аԥстәқәа ахылҵшьҭратә хархәаразы абжьгарақәа роуеит.