Имҩаԥысраны иҟоу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 68-тәи рраунд амшхәаԥштә иалацәажәеит Москва
18:38 23.09.2026 (ирҿыцуп: 18:50 23.09.2026)

© Sputnik / Владимир Федоренко
Анапаҵаҩра
Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд мҩаԥгахоит абҵара 10-11 рзы Женева.
АҞӘА, цәыббра 23 — Sputnik. Имҩаԥысраны иҟоу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 68-тәи рраунд амшхәаԥштә иалацәажәеит Москва, абри атәы аанацҳаит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аилацәажәара рхы аладырхәит Аахыҵ Уаԥстәылантәи аделегациа, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин, иара убас адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу аԥсуа дипломатцәа.
Аганқәа арегион аҿы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи реиқәыршәара наҟ-ааҟтәи аинтерес шрымоу шьақәдырӷәӷәеит.
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала Қырҭтәыла аганахьала амч ахамырхәаразы азиндырратә гарантиақәа аус рыдулара шхымԥадатәиу иазгәаҭан.