00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
31 мин
08:30
31 мин
13:00
31 мин
13:30
31 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Уаҵәы еибашьран: Марианна Кәыҵниаԥҳа лгәалашәарақәа

© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәМарианна Кәыҵниаԥҳа
Марианна Кәыҵниаԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2026
Анапаҵаҩра
Тамшь, Аҭара, Аҟәа, Мықә, Тҟәарчал, Пицунда, Москва – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аамҭаз, абас еиуеиԥшым амҩақәа ирнысыз ажурналист илызкуп иахьатәи санҵамҭа. Аиааира иаҵаҵәаху ахьанҭареи, ахақәиҭра азхьреи ирымҩоуп иахьа шәаԥхьарц ишәыдызгало, ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа.
33 шықәса ҵуеит уи Аиааира абираҟ Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы иахадыргылеижьҭеи, аха иҟоуп макьанагьы еиҭаҳәам аҭоурыхқәа. Урҭ ажәабжьқәа ҳазнысыз ахақәиҭра амҩа хсааланы иалдоуп.
Марианна Кәыҵниаԥҳа — Аҭаратәуп, занааҭла джурналиступ, аус лухьеит еиуеиԥшым аинформациатә маҵзурақәа рҟны, иара убас, аҳәынқарратә усбарҭақәа, аԥыза-министри атәыла ахадеи рпресс-маҵзурақәа рҿы, аха лара дызнысыз имариам амҩа аӡбахә цәырганы илымҳәацызт. Иахьа шәара шәаԥхьоит аԥсуа ҭаацәара знысыз амҩа уадаҩ иазку аҭоурых.

Тамшь

"Аибашьра ианалагоз саҳәшьцәеи сареи ҳаншьцәа Барганџьиаа рҿы Тамшь ҳаҟан. Хәылбыҽхан амшын ахь ҳцеит. 16 шықәса схымҵӡацызт усҟан. Сара амшын шьамхахьы сҭагылан аҽыкәабара бзиа избаӡом азы. Зегьы рҽеиларҳәеит, бааи бааи рҳәон. Амшын агәахьы сыԥшуан сӡаагыланы. Август 13 рзы акәын ари аныҟаз. Сышьҭахьҟа сынхьаԥшын изхысҳәааз сыздырам "Уаҵәы аибашьра ыҟан" захьӡу афильм (А завтра была война) шәгәалашәо сҳәеит. Инеихәаԥш-ааихәаԥшын уамашәа ирбеит. Иабасгәалашәеи уи афильм? Аԥсуа-қырҭуа тема аҳауа иалан усҟан. Сыуацәа зегь Аидгылара иалан. Схаҭа уи афильм сымбаӡацызт, аха аӡбахә здыруан, цәалашәарак иснарҳәеит...", — абас лажәа ахы лкит Марианна. Ажурналист ишылгәалашәо ала, адырҩаҽны шьыжьӡа адунеи бгазшәа бжьык геит. Дара ахьынхози Тамшь иалсуа амҩадуи 400 метра рыбжьан, амшын аганахь ишьҭоу ҳаблоуп. "Тамшьтәи ацҳа ԥыржәеит убасҟан. Ақыҭаҿы еилаҩеиласрахеит, аибашьра иалагеит рҳәо иалагеит. Заза Занҭариа иҩызцәеи иареи злаз ардыԥхьала аҽеизгара иалагеит. Телевизорла ажәабжь ҳазыӡырҩуан, Владислав Арӡынба иааԥхьарагьы ҳбеит. Аиҿахысрақәа уамак ала иӷәӷәахеит. Нас, ахәыҷқәа, аҳәса, абыргцәа зегьы амхырҭа ҳалалеит уи ҳахьчозшәа. Ашьҭахь уахынла алашьцара иалагәаны ашьхара аганахь ҳалыргеит ишшәарҭазгьы. Ақыҭа зегь бнакаҿ еизеит, нас аибашьцәа аан ус рҳәеит — ара шәеизаны иҟалаӡом, авертолиотқәа хылоит ишәарҭоуп ҳәа", — абас лхаҿы инхеит аибашьара раԥхьатәи амшқәа Марианна. Ас ианшәарҭаха лаҳәшьцәа ҩыџьеи лареи раншьцәа Аҭараҟа иалганы иргеит. Лара ишеиҭалҳәо ала, уа еиҳагьы еицәан, ақырҭқәа зынӡа иааигәаны иҟан. Марианна уи ашықәсан ашкол далгеит, лаҳәшьцәа аиҵбацәа 15 шықәса зхыҵуаз Микеи 12 шықәса ирҭагылаз Асҭандеи ашкол аҭалара рҽазыҟарҵон, лара лакәзар аҵара аҭалара дазхәыцуан. Аха аибашьра рыхҭыгәлеит…
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәМарианна Кәыҵниаԥҳа
Марианна Кәыҵниаԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2026
Марианна Кәыҵниаԥҳа

Аҭара

"Аӡәымзараӡә иҩны дахымҵӡацызт усҟан, зыҷқәынцәа абџьар шьҭырыхыз налаҵаны. Аҭарааи ахалдабааи ҳаигәылацәан ҳаизыҟазаашьақәа есқьынагьы ибааԥсын. Урҭ даара инационалистцәан, автобус аҿы ҳанеиқәшәозгьы, асааҭ заҟа ыҟои ҳәа урысшәала уразҵаар, қырҭшәала акәын аҭак шыҟарҵоз. Апровакациақәа ҟарҵон, ашхырцәаӷьҭра иаҩызан дара реилазаара. Цәыббрамза 30 шьыжь шаанӡа сааԥшит, хыхь аҩбатәи аихагылаҿы сиан. Сан шәылбаа ҳәа лыбжьы лыргеит. Сылбааит. Ҳаҩны ашьҭахь чаиҭран, абнара ыҟан. Уа ҳгәылацәа рҽырҵәахуан. Санылбаа избаз асахьа иахьагьы исхашҭуам — саҳәшьа хәыҷы Асҭанда драԥцаны ар рымаҭәа зшәымыз ақырҭқәа равтоматқәа кны ҳашҭа иҭаланы иааиуеит. Дара ираҳахьан ҳа ҳтәқәа абнараҿы рыҽшырҵәахуаз, аԥилҭақәа змаз ахацәагьы уа ишрылаз. Асҭанда шасыс раԥхьа дыргыланы, ҳаҩны иавсны ҳа ҳтәқәа рмеихысырц инеиуан. Ахалдабаа ракәушәоуп ишыздыруа, рботасқәа ирҭаԥало. Сан лакәымкәа саҳәшьа хәыҷы дышьҭырхит. Сан ҿылымҭӡеит. Аха, дара абнараҿы ауаа рацәазшәа анырба ируа рзымдырит, сан уи аамҭазы саҳәшьа ашьшьыҳәа даалымҵасын аҩныҟа дыҩналгалеит, зегь ашьқаԥқәа ҳарҭалыртәеит, ҳаҩнашәқәа зегь аартны инлыжьит. Нас, убра абна илаз зегьы раԥхьа иргыланы ҳашҭа иҭыганы идәықәыргалеит. Ахалдабаа руаӡәы дныҩнаԥшит ҳаҩны, сан ашә давҵагылан, дибар илгәыдиҵон аха, аӡәгьы дыҟамшәа инарбан ашә лаиркын дцеит. Убра ҳааигәара ашәыр ахьрыдыркыло хыбрак ыҟан, убра иҩнаргалеит. Убри аамҭазы ҳаибашьцәа Никәала Кәыҵниа иҩны иҟан, 20 ма 22 зхыҵуаз ԥилҭан ирымаз. Аслан Кәыҵниа Зураб-иԥа дназлаз, ҳа ҳтәқәа рпозициахь ицан ҳа ҳтәқәа ахьҭакыз имхысыртә рарҳәеит. Сергеи иангьы уа дыҟан иҩны, аха ирымбаӡеит. Нас, џьара ҳҽеидаҳкылеит. Анаҩс, авертолиотқәа ҳхалеит, ахысбыжьқәа гон. Иргаз ҳауаажәлар ирзыруз ҳаздырӡомызт. Ианыхәла атехника рыманы ақырҭқәа Аҭара иалалеит. Ҳаҷкәынцәа Аракьаҽы аганахь иганы ирыххысаауан. Ҳара ҳтәқәа уи аҽны ажәылара ҟарымҵеит, бџьарла ихиамызт азы. Нас, иоурыжьит иргаз, избанзар, Аҭара ҳгеит рҳәан, аҩнқәа зегь рбылхьан усгьы. Наа аганхь Игорь Ҭамел-иԥа Кәыҵниа дыршьит дырҿашәан. Аԥсны Қырҭтәыла ауп ҳәа уҳәароуп анырҳәа. Аԥсны Аԥсны ауп иҳәеит. Ҭемыр Кәыҵниа Пата- иԥа депутатс иҟаз дырхәит ӷәӷәала. Нас, цәгьала Москваҟа дрышьҭит далганы. Аума ыҟан ахысра ҳәа. Дара атрасса инаныланы ицеит Аҭара ҳара иаҳтәуп ҟарҵан", — абас иҟан аибашьра алагамҭазтәи Аҭаратәи ахҭысқәа Марианна лыблақәа рыла.

Аҭаратәи аибашьцәа аҽеибыҭара иалагеит аӷа иҿагыларазы. Марианараа ракәзар, Џьгьардаҟа ицеит раб иаҳәшьа лахь. Уа ахҵәацәа рацәаҩӡан, ԥыҭк ашьҭахь аҩныҟа игьежьит. Аха, ақырҭқәа декабр 25-нӡа Марианаара рыҩны штабс иалырххьан…

"Ҳҳаблаҿы Аџьынџьтәылатәи аибашьра ду аветеранцәагьы ыҟан. Панта Кәыҵниа ихы кылжәаны иҟан динвалидын, иԥҳәыс Ҭаликәагьы иаргьы 80 шықәса ирҭысхьан изеиҭаҵӡомызт. Ҳаҩны ашьҭахь ачаиҭрақәа рҿы ҳаб иашьа иҟаиҵеит аҽыҵәахырҭа. Убра ҳаизо ҳалагеит. Уа ҳааигәара аерманцәа рқыҭа ыҟан, Аракьаҽы. Убрахь ҳцеит. Сан Светлана Барганџьиаԥҳа акыршықәса урҭ рышкол аҿы аус лухьан анемец бызшәа арҵаҩыс, рбызшәагьы лдыруан. Сан абызшәақәа дрызҟазан – анемцец, ақырҭшәа, аерман, ашәан уҳәа аԥсуеи аурысшәеи аламҵакәа имаҷымкәа абызшәақәа лҳәон. Абыргцәеи ахәыҷқәеи уа инҳажьып лгәахәит. Абыргцәа шәымцәажәалан, шәҿаҳаушәа ҟашәҵала ҳәа раҳҳәеит. Мышкы, ҩымш ҳрычҳаит, ахԥатәи амшаз ҳхы ҳацәшәоит шәахьааз шәца рҳәеит. Убарҭ ҳбыргцәа асы илганы иааҳгеит. Сергеи Кәыҵниа иан ибӷа дықәҵаны дааигон дызныҟәомызт 90 шықәса лхыҵуан.

Ашықәс ҿыц, нас Аҟәаҟа

Декабр 25 рнаҩс агвардиауаа даҽа штабк алырхит ихарамкәа Ашьхаруаа рыҩнаҿы, убри аҟынтә Светлана Барганџьиаԥҳа аҩны дахыларц лыӡбеит. Иааигәахон ашықәс ҿыц…Ӡнын, асы шьҭан, аха амза каххаа иҟан, ашықәс ҿыц ааимҭаз абназара иарааԥсаз Маринаара рыҩныҟа ианыгьежьуаз. Уи аамаҭазы аҩны дырҳәхьан, хыза, гәабан зхыло акгьы нмыжькәа идәылыргахьан. Лажәабжь иацылҵоит Марианна: "Сан ақырҭцәагьы ауаа ршьа рылоуп ҳашԥаршьри уи гәнаҳароуп лҳәан, ́акыр ихәланы аҩныҟа ҳааит, аха ацәашьы узаркӡом. Ҳбыргцәагьы ҳара иҳацын. Ақырҭуа бызшәа ҳаҳауан иааиагәаӡаны, аха иаҳгәаӷьит. Ҳацәар ҳҭахын ҳақәианы, аха акаруаҭ хьшәашәақәа роуп инхаз. Асаара ак шьҭан илашаӡа, исықәысҵап сҳәан снакьысзар, арҵәааҳәа сыҳәҳәеит, иԥхан, егьи иршьыз ҳажә шкәакәа ацәа акәзаап. Ауаҩы дышьны дкажьыз џьысшьан сшәеит. Уи аҩыза ашықәс ҿыц хашҭшьа амоума? Агәабанҵәҟьа зқәымыз акаруаҭқәа ҳрықәиан, аха ҳаилаҳәан. Асааҭ 12 рзы 1993 ш. ҳанҭалоз убас ахысра ҳәа цәырыргеит ақырҭқәа ҳәашьа узамҭо... Аибашьра еибашьран, аха аҩны цахақәак сыԥшаан, апионерцәа ргалстукқәа, нас ахәдакәырша иаҵәа, ашьаршьаф уҳәа ирылхны аԥсуа бираҟ сӡахит. Ахаан акгьы сымӡахӡацызт, аха убас исҭахны иҟасҵеит. Аиҳабацәа абри ҳақәӡуеит рҳәон, аха ҳанҽаҳҵәахуаз исыцын ҳахьцалакгьы. Аеҵәақәа, анапсыргәыҵа уҳәа исҩычеит сбираҟ. Ҳшаиааиуаз здыруан сара, абри шьҭысхырц сҭахын аиааира амш азы. Инаӡааӡо абираҟ ҟасҵеит".
Ианша Света ӡык аазгап ҳәа лыԥсы ӡаны дындәылҵызар, аҩны ашьҭахь аснаипер иҭирҟьаз ахы лывҟьеит. Лыԥшәма Дореи Алиошеи, Славики Кәыҵниаа ахьындәылҵыз ақырҭқәа ирымпыҵашәеит. Урҭ абџьар рықәкны аҩны иааҩналеит. Славик Панта-иԥа аҭӡамц дадыргыланы иххысаауан, исуан автомат ашьхәала — ара аҩны аӡәгьы дыҟаӡам ҳәа умҳәази ҳәа иҳәҳәон. Аҳәса ӷьаҵәыӷьаҵәуан. Убри аамҭазы Марианна лан даарылҵын агвардиауаа рахь лҿыналхеит. Абар Марианна лхаҭа уи шылгәалашәо: "Ҳан дааҳалҵны дара рахь лҿаныналха, агвардиауаа руаӡәы Света, ара бабаҟаз иҳәеит урысшәала. Иара дшәаныуан иаҳәшьеиҳабы сан дылҩызан. Данҿаз дычмазыҩханы дыԥсхьан, убри лцынхәрас сан иаҳәшьас дҟарҵахьан. Еибамбеижьҭеи акыр ҵуан. Иавтомат аалаирҟәын, егьырҭгьы адҵа риҭеит рабџьар ладырҟәырц. Сыԥсы ҭанаҵы, арҭ ауаа рыхцәхәыц камшәароуп иҳәеит. Нас, зегь ҳаизганы автобуск ҳҭартәаны ҳалигарц иӡбеит. Аҟәа Аҳабла ҿыцаҿ уаҭахк ҳаҩнарҵеит. Ҳрыԥсахуеит ҳәа игәы иҭеикит сгәахәуеит. Демур ихьӡын ашәануа. Қәҭешьтәи қьырала еибашьра иааз аермангьы дрыцын урҭ агвардиауаа Аҟәа ҳаазгаз. Буба, ма Али Баба ҳәа иарҳәон хьыӡшьараны, дгәымбылџьбаран исаҳахьан иӡбахә. Ҳаныргоз автобус ала, ҳабажәго ҳәа ераман бызшәала сан данҵаа, беирманума иҳәеит. Аха, иаразнак Демур дыбжьалан дақырҭуоуп иҳәеит. Уи ус дызлазҵааз бзиаӡа аерман бызша лҳәон азоуп. Аԥхьа Гәылрыԥшь аштаб аҿы ҳааргеит. Сара сбираҟ сгәы иҵхон. Уа ҳҿахәы ҳҿырхуан. Ҳрыԥсахырц рҭахын. Ианвар 5 Аҟәа аныргоз ҳара ҳҭаацәа уаҭахк аҿы ҳаҩнарҵеит. Арадио ыҟан уа ауадаҿы. Абжьы рхәыҷны ҳазыӡырҩуан. Аҭара ҳаныҟаз иалагахьан, аха иҳаздырӡомызт. Ара арадио аҿы иманшәаламхаз ажәылара ҳәа Арӡынба иқәгылара ҳаҳаит. Ҳҵәуон ҳӷьазкны. Нас, Вова Никонов даацәырҵны ҳгәы зырӷәӷәашаз ажәабжьқәа цәыригеит. Сара сзеиԥхыӡуаз абри аибашьра еилгар Владимир Никонов дызбандаз ҳәа акәын. Иара ибжьы аибашьраҿы аиааиразы иҳахәоит ҳәа исыԥхьаӡон. Мышқәак уа ҳаҟан, нас аиҭныԥсахларазы ҳа ҳтәқәа зегьы автобус ҳҭартәаны еиҭа Аҭараҟа ҳааргеит. Убра ақырҭуа ԥырҩы Сураӡе ивертолиот ҭадырхеит. Убри ишьҭан дара. Иблыз аҩнқәа ҳрылганы наҟ ақыҭа агәахьы газопровд ҳәа иахьашьҭаз ҳнаргеит. Шәҩыла еиқәных агвардиауаа гылан. Сан рбызшәа лымдыруаз азы иҳалҳәахьан аиҭныԥсахлара ргәы ишҭоу. Акыраамҭа ҳаԥшын. Ус ҷкәына қәыԥшк дҵәуо даалԥылеит сан. Иара иҳәеит Горинтәи сааит ҳәа. Уара иузымдырӡо Аԥсны шышәзымго ҳәа ибызшәала диацәажәеит. Ҳара ҳаршьыргьы аԥсуа жәлар уаҳа даҽа дгьылк рымаӡам. Ишәызгаӡом лҳәеит. Иара сыҩныҟа сцарц сҭахуп иҳәеит, дыхьҭашьуан. Ара аԥсацәа рымацара иҟаӡам Нхыҵ-Кавказ зегь ааит, ачеченцәа, аҟабардақәа рацәаҩуп, ижәылоит лҳәеит. Дара урҭ рыӡбахә анраҳалакгьы, еилаԥсон. Аиҭныԥсахлара ҟамлаӡеит. Аԥырҩы ибаҩ рзымԥшааит. Жәаҩаҩык еицыз Очамыраҟа ҳдәықәыргалеит, аӡҟқәагьы змаз ҳацын. Амҩаду Очмчыраҟа иалганы игоу шәарҭан, аиҿахысра ҟалар ҳҭахон. Анҭ абыргцәа ҳәа сызҿыз, урҭ Аҭара рыҩны инхеит иузгогьы иҟамызт".
Отечественная война народа Абхазии 1993-1994 года. Разрушенные дома в центре города Сухум - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2021
"Сахьаԥсыуаз азы срыпҟон": аибашьра раԥхьатәи амш иацу агәалашәарақәа

Очамчыра - Мықә

Аҭараа реиҭныԥсахлара амш макьана иааигәамызт. Нодар ҳәа аӡәы инапы ианырҵан Аҟәеи Очамчреи иагәылго амҩаду ала Очамыраҟа ахы археит изҭатәаз амашьына. Ихәланы Очамчыра ҩнык аҿы инаргеит. "Ичмазаҩыз ԥҳәыс быргк лиарҭа даагәылҵит ҳаҳьнаргаз. Нодар лԥа иакәзаап, дижәлеит. Иҩны ҳнеигазаап. Уара аԥсацәа иуцрызҳаит, урыцкәашон, аԥсуа чеиџьыка иуфахьо ухашҭма, абарҭ ушьырц иааугама лҳәеит қырҭшәала. Иара ансамбль "Шьараҭын" далазаарын. Сан илаҳауан ари зегьы. Иара, сан арҭ еиқәсырхарц сҭахуп иҳәеит. Зегьы акраҳҿалҵеит. Ҳрыцҳахәха ҳаҟан, иаҳшәыз, иаҳхаз зҳәаз еиԥш. Иара шьыжьла џьара дцон, игәианны даауан. Ҳаԥсы ӡаны ҳаҟан, ҳцәажәаӡомызт. Ҳабналарцгьы сазхәыцуан, сан дыхҭаскит уи азы, аха илуамызт, иааҳакәыршан зегь рнапы иакуп ҳҭахоит ҳәа", - абас иалагеит Очамчыратәи аҭоурых.
Очамчыра мышқәак иҟан аҭараа, аха ари аԥшәма аҩны ихабар ҟамлеит. Иҟалап иҩны аԥсуаа ахьыҟаз азы уадаҩрақәак иоузар, нас арҭ даҽа ҩнык ахь ииаргоит. Февраль мзоуп ари аныҟаз. Ԥсыуа ҩнын, Торчуаак иртәын иахьнанагаз. Уа инхоз акырҭцәа рԥацәа зегь еибашьуан. Штабшәа ирыман аԥсуаа рыҩны. "Қырҭшәала ицәажәон, аха сан зегь лаҳауан азы дхаҳәха деиқәшәы дтәан. Акы шәацәымшәан, ҳаԥсахра атема ауп ирымо лҳәон ҳа ҳахь. Кәачара жәаҩаҩык дара ртәқәа ҭахазаап. Рыбаҩқәа рмоуит. Ҳара ҳанкыланы ҳазрымаз даҽа ҩыџьаҟа аԥсуаа ԥшааны ҳаршьырц акәын. Абри иалацәажәозаарын. Қырҭуак дрыцын зсахьа ҿаасҭаз аӡәы. Ихәда Кәачара иршьыз иашьеиҵбы иамулет ахшьын. Ҳганы ҳшыршьуаз иалацәажәон. Сан илаҳауан, аха иҳалымҳәеит. Аибашьра анҵәамҭазы 50 ш. зхыҵуаз сан лыхцәы амсыр қьаад еиԥш ишкәакәан, убас дышлеит. Убра аӷьыч нага (вор в законе) ҳәа изышьҭаз аӡә дрылан, деибашьӡомызт, аиҭныԥсахларақәа дрылахәын. Ҷуки (Аҳәынаԥ) ҳәа ахьӡҷыда иман Лепартиа ижәлан. Абџьар зманы ицыз рацәаҩын, дзыхьчоз ракәу сыздырам. Сан бымцәажәан лымҳәоз, аха схы-сҿы ианыԥшуан ацәымӷра. Абри ́Ҷуки даасҿаԥшын, ас бызҳахәаԥшуеи иҳәеит. Ҿысҭӡом. Автомат бҭахума? Ибысҭар иҟабҵои иҳәеит. Амц сҳәозар, исыцыз ауаа ыҟоуп. Абас ҿаасҭит – аби автомат сара истәызар ақырҭқәа зегь среихсны исшьуан. Сани, аӡҟы дызмаз Заира Ҭҳаиҵыкә лаҳәшьеи( Кәыҵниаа дрыман) инеиқәыԥсы ицеит. Ари аӡӷаб хәыҷы илҳәо ухахьы иааумган ҳәа аӷьаҵәыӷьаҵәра далагеит уи аԥҳәыс. Сан дхаҳәхеит. 15-ҩык автомат зку агвардиауаа ахьтәо ухәыҷы абри аҩыза лҳәар ушԥаҟало? Насгьы, лара ҳаршьырц шырҭахыу лдыруан. Сара сшәаӡомызт, аха егьырҭ ахьыусура иалагеит. Иара Ҷуки даасыхәаԥшын, нас егьырҭ агвардиауаа днарыхәаԥшын – ахьаԥырч аԥсы шҭоу ишузылбаамдо еиԥш, аԥсуаагьы риааишьа ыҟаӡам иҳәеит урысшәала. Убри аамҭазы ани Перцахалиа Очамчыра ҳаазгаз дааит. Алафеҭ еиԥш ак зыцраҳәаз машьынак ааит. Иаргьы дҳацуп. Арадуҟа шәаҳгоит иҳәеит, амала шәымцәажәан ҳәа ́ҳадиҵеит. Амҩан қырҭуа еибашьҩык дгылан, амашьына ааникылан дақәтәеит. Аха, даапкны дшыҟаз убон. Ԥсыуак дызбарц сҭахуп, саҳәшьаԥа дҭахеит ишьа зуроуп иҳәеит. Аха, ҳазгоз дахыргеит цәажәарала. Араду ҳнаргеит. Ауахәама аусзуҩ, ԥшьаҩык милаҭла иаурысыз аӡә даҳԥылеит. Иара дҳацын ҳара ҳалақәа ҿаҳәаны ҳахьыргоз. Ҳаилаԥсаны хҩы-хҩыла шәца рҳәеит Мықәынӡа. Ҳхьамԥшӡакәа ҳцон. Ҩымш иаҿын аиҭныԥсахлара, сани саҳәшьеи ааргеит аҵыхәтәаны. Аԥсуаа анаҳԥыла сгәырӷьаҵәа сҟалеит. Сымҩашьозар штабын ҳахьнаргаз, Баҭал Џьапуа, Рудик Тәанба (Ақәџьма) збеит. Сара урҭ санырҿаԥшы аиааиара шаҳгоз агәра згаӡеит. Нас, уа ҳаншьа иԥҳәыс лҭаацәа Багаҭелиаа неин наҟ Тҟәарчалҟа ҳаргеит. Убас ҳарбеит еиҭаҳәашьа сымаӡам. Зегь ҳаибганы ҳалҵит. Амала, игәаҳҭеит сан лгәы рахәымкәа дшыҟалаз. Нас, афурақәа рыла Тҟәарчалынтәи Аҟәа Алашарбага аҳабла ҳааргеит, нас Пицундаҟа", — абас иҟоуп Марианна леиҭаҳәа.
Война в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2020
"Мышкы ииз мышкы дыԥсуеит…" – аибашьра жәлар рытрадициа ишаныԥшыз

Пицунда - Москва

Иун мза иҭагылан аҭараа Пицунда ианнеи. Аҟәараҿы инеиааиуаз ауаа ԥхны маҭәала еилаҳәан. Дара аӡын маҭәа ршәын, уаҳа даҽа маҭәак рымамызт усгьы, аха амшын иаҵәҟаҟараӡа ахыԥшылара насыԥны ирбеит ааӡаб зхыхзгаз ауаа. Марианараа игәарҭеит ран Света лчымазара аҽшарӷәӷәаз, убри аҟынтә рацәак Пицунда инымхеит. Марианна лани лареи, рнапы изакәызаалакгьы шәҟәык акымызт азыҳәан рыуацәа Гәдоуҭаҟа ирган Урыстәылаҟа ицаратәы еиқәдыршәеит. "Ашәҟәқәа еиқәдыршәан Москваҟа ҳрышьҭит онкологиатә центр ахь. Убра иҳаҳаит Аҭара инхаз абыргцәа Пантеи Ҭаликәеи ршьит ҳәа рыҩны ашҭаҿы. Дԥырҟеит сан. Лара данԥырҟоз Аҟәа ахақәиҭтәра иақәшәеит. Ҳара ҳаиааир шәышықәса снеиуеит лҳәон. Аиааира амш азы сара Каширка аԥенџьыр ахышә сықәтәан, сан лыхәра еиҭаҿарҳәарц дыргеит. Арадио аҿакын. Сыԥоз џьысшьеит Аиааира аӡбахә ансаҳа. Сыҩуа апалата сыҩналеит. Сан данаарга илдыруан. Лҳақьым дааины илыдылныҳәалеит, избанзар уа дышьҭанаҵы Аԥсны ахақәиҭтәра акәын дызлацәажәоз. Аԥсны шыҟало ббап шьҭа лҳәеит. Владислав убас иҟаиҵоит атәым ҳәынҭқаррақәа ҳазхарҵо, амала ҳара ҳзеидгылар", - лҳәоит Марианна Москватәи ахҭысқәа лгәаларшәо.

Аҩныҟа

Марианна лан иҵегь ареабилитациа зҭахыз лакәын, лгәыԥҳәы акьыба чымазара иахҟьаны иамырхит, аха илымукәа Аԥсныҟа ддәықәлеит. Декабр мзазы Марианна лан длыманы дааит Аԥсныҟа. Лаҳәшьцәа аахьан, Аҟәа уаҭахк иҩнан. Убри аамҭазы Светлана Барганџьиаԥҳа лыԥҳацәеи лареи рзы иҟалеит даҽа хҭыс бааԥсык. Ачымазара макьана иалымҵыцз аԥҳәыс илаҳаит, лыԥшәма, лхәыҷкәа раб иразҟы даҽаџьара ишиԥшааз, даҽа ԥҳәыск дшигаз. Иҟалап даҽаӡәызар уи аӡбахә лымҳәаргьы, аха Марианна илымӡеит рани дареи уи ахҭыс ршьапы ишықәнарҟьаз, ишизранамыжьыз.

"Сара атәым уада сҭахым, Аҭараҟа сцоит лҳәеит сан. Ҳаҩны былӡамызт, аха ҿыц анхара иалагатәхеит. Саҳәшьцәа ашкол ахь ицеит, сара 1994 ш. аҵара сҭалеит. Сан лдунеи лыԥсахит 1998 шықәсазы. Аибашьараҿы илхылгаз, нас ҳаб ицарагьы лзеицылан рацәак дзымнеит. Ҳара абарҭқәа ҳхаҳгазаргьы, ҳашьцәа Кәыҵниаа, ҳҳабла, цәгьала ҳарҭахын, иаҳзыԥшын убри ҳгәы аргәӷәон. Ҳаб данца, ҳан уахь лыгьежьра иааирак еиԥш ирыдыркылеит ҳазлатәаз зегьы. Аҭӡамцқәа рыда акгьы амамызт ҳаҩны, ҳара ҳзы амҿы ааргон рхазы иааргаанӡа. Аҩны ахыб ҳзыҟарҵеит. Ауҭра-асыҭра дшычмазҩызгьы иҟалҵон сан. Исӡахыз абираҟ ахьцаз ҳамбеит, ҳфотоальбом нымхеит, амца алеиқәырҵон ақырҭқәа. Иахьа иҳамоу ҳауацәа иҳарҭақәаз роуп", - зҳабла иазыхынҳәыз Света лыԥҳацәеи лареи адгылара роуит Марианна ишеиҭалҳәо ала.

Абас иҟоуп Марианна Кәыҵниаԥҳа лгәалашәарақәа. Лаҳәшьцәа иреиҵбу Асҭанда дҭаацәароуп, егьырҭ иахьагьы ақыҭаҿы рыҩны иахагылоуп, рани рашьцәеи раҳаҭыразы, аԥсуара аҳаҭыразы…
Ажәабжьқәа зегьы
0