"Сҩызцәа сыбла ихгылоуп": Алхас Қәпалба игәалашәарақәа
08:20 28.09.2026 (ирҿыцуп: 13:34 28.09.2026)

© Foto
Анапаҵаҩра
Сынтәа иҵуеит 33 шықәса, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи. Ҳажәлар ирхашҭӡом уи иацыз ахьаа. Ҳаибашьцәа ракәзар наунагӡа рыбла ихгылазаауеит ирывыршьаауаз рашьцәеи рҩызцәеи рыблақәа.
Иахьатәи сажәабжьҳәаҩ Алхас Қәпалба, 19 шықәса ихыҵуан абџьар данаҵагылоз. Иара ихатә ԥсҭазаара аасҭа, ицыз иҩызцәа ракәын дзызхьаауаз.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Гагратәи абжьаратә школ №1 (усҟан 5 ҳәа иҟан) аушьҭымҭа, аспортсмен, ҩынтә абокс азы Аԥсны иачемпионхахьаз Алхас Лиова-иԥа Қәпалба, Урыстәыла арра маҵзура дахысуан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагоз. Имаз аԥсшьара ихы иархәаны Гаграҟа данаа, аҭынч ԥсҭазаара иашьцылахьаз, 19 шықәса зхыҵуаз арԥыс абџьар даҵагылоит.
"Аиашазы даара ахаҵара уадаҩын аҩ-милаҭк ҳабжьара иҟалаз аидыслара абас амҽхак ҭбаахоит ҳәа. Ҳара ҳашьцылахьан аибарххарақәа, убри аҟнытә, ҽнак-ҩымш рыла еилгоит ҳәа агәыӷра ҳаман. Сара ақырҭуа милаҭ ирхаҭарнакцәаз аҩызцәа сыман. Азныкзы дара аполитика рҽаларгалаӡомызт, аха аибашьра ааигәахацыԥхьаӡа реиҳараҩык аԥсуаа иҳацрыҵуан", — игәалашәоит Алхас Қәпалба.
Аибашьра раԥхьатәи амш аҽны, Алхас иҩызцәеи иареи аԥсшьарҭа ҩны "Украина" аҿаԥхьа рҽеидыркылеит. Усҟан еицын ҳәа еиқәиԥхьаӡаз: иреиуоуп Ҭамаз Хьециа, Резик Абыџба, Гиви Аиба, Ҭимыр Ҷыҭанаа, Ахрик Агрба уҳәа. Аха абџьар змаз маҷҩын. Адырҩаҽны Цандрыԥшь ақырҭуа десант анӡхыҵ, амчқәа реиҟарамра иахырҟьаны ақалақь ахь ижәылеит аӷацәа. Урҭ аамҭала раанкыларазы, Алхас иҩызцәеи иареи анефттә базаҟны инеины, амашьына ду "КАМАЗ" иара убас "ГАЗ 66" абылтәы ала ирҭәны амҩа иангылеит, ақырҭцәа рыхҭыгәлар иԥыржәарц.
"Аԥсшьарҭа ҩны "Украина" аԥхьа ҳашгылаз саб днеит. Иара машьынаныҟәцаҩс аус иуан, дыбжьан "Гагра-Самтредиа". Аҷкәынцәа аӡәырҩы инаишьҭыз автобус иақәиртәеит. Иара имашьына "Волга" хәҩык рҟынӡа ҳнақәтәан, Ԥсахараҟа ҳҿынаҳхеит. Уаҟа уажәшьҭа ақырҭцәа амҩа ааныркылахьан. Автобус, мчыла аиҿцәажәарақәа мҩаԥганы иоурыжьит, ҳара шьҭахьҟа Гаграҟа ҳхынҳәыр акәхеит. Мышқәак ақалақь аҟны сыҟан, аха аҩны сгәы сартәомызт. Ақалақь ахь ԥшьаала сцәырҵуан, иҟаз аҭагылазаашьа сара стәала иҭысҵаауан. Ҽнак, ақырҭуа ҷкәынцәа машьына ҟаԥшьк ала амҩа ишангылаз збеит. Дара, макьаназы Гагра инхаз аԥсшьаҩцәа ирацәажәон. Сара излеилыскааз ала, "Мхьедриони" ҳәа иҟаз агәыԥ алахәцәа ракәын. Урҭ рыхәда иахаз адаҷқәа рҩыза ыҟоуп ҳәа сыҟамызт, рнапхаҵақәа, рмацәазқәа… Ахьы рҽарганы, бџьарла еиқәных, аҳра уа Гагра иалан. Ус, саб иҩыза Жора Агрба иԥшәмаԥҳәыс Ольга Ԥлиаԥҳа длацәажәан, лара агазеҭ аредакциаҟны аус луан, скорреспондентуп ҳәа аршаҳаҭга сзыҟалҵеит. Аха саб имашьына здыраз ҟалан, ари "Лиова иԥа иоуп" ҳәа ҳааныркылеит. Жора Агрба сара исхырҟьаны дҭадырхахьан. Ҳаԥсы аанханы Бзыԥҭаҟа ҳцеит, Ԥсахара инхоз сҩыза ақырҭуа ҷкәын Олег Харбедиа ибзоурала", — игәалашәоит аибашьра аветеран.
Бзыԥҭатәи аԥсуа школ ахыбраҟны еиҿкааз арратә штаб ахь днеит Алхас. Устәи, аԥсуа еибашьцәеи, Нхыҵ-Кавказынтәи иааз ахатәгәаԥхаҩцәеи гәыԥ-гәыԥла рҽеихшаны Пицунда абжьаларҭа аҩахыс ишьақәгылаз ахырӷәӷәарҭахь ҷаԥшьара ицон. Гагра араион ахы ақәиҭтәразы аплан аус анадулаха ашьҭахь, ажәылара амш азԥхьагәаҭахеит.
"Гагра араион ахы иақәиҭхаанӡа, гәыԥ-гәыԥла акәын ҳшеибашьуаз, абаталионқәа шьақәгыламызт. Сара сызлаз агәыԥ аҟынтә еиҳабыс иҳацыз Ҭамаз Хьециа иакәын. Иҟаз аҷкәынцәа рацәаҩын, зегьы сгәалашәом, аха рыӡбахә сҳәар сҭахуп сылԥш аҿы инхаз Рома (Кноп) Минараӡе, Резик Абыџба, Мурка Смыр, Џьоник Шамба, Џьунџьик Бениа, Рома Анқәаб, Ҭамаз Папба уҳәа. Ԥсахаранӡа ҳанааи, ҩнык абаҳчаҟны ҳтәеит, аха ахыбрантәи аснаипер дҳалахысуан. Ус ҳашԥшуаз амашьына ишьҭаланы иааин дрыманы ицеит. Уи ашьҭахь ҳара аҩны ҳаҩналеит. Сара ашәарыцага шәақь акәын искыз. Қәрала акырӡа исеиҵаз Џьоник Шамбеи сареи аҩны ахыб ҳхалеит. Хара имгакәа қырҭуак ибжьы геит. Иганахь маӡала ҳнеиуеит ҳәа ҳаналага, иҳаихсит. Сыбла шааԥшуаз Џьоник дҭадырхоит, сара сырхәит", — ҳәа раԥхьатәи аԥсҭбара зцыз ахҭыс дазааҭгылоит сажәабжьҳәаҩ.

Алхас Қәԥалба
© Foto
Алхас Қәпалба дышшьабоз, Џьунџьик Бениа диҵагыланы, Леварса Агрба ҳәа иҟаз имашьынахь днаганы Бзыԥҭаҟа дишьҭуеит. Алхас уаҟа раԥхьатәи ацхыраара иҭаны, аҳақьым-аԥҟаҩы Славик Аргәын Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь дишьҭуеит.
"Агоспиталь аҟны сыздыруаз аӡәы, сҭаацәа рахь адырра ҟалҵеит. Сан Маиа Чамагәуаԥҳаи саби Гагра иалаханы иҟан. Аха урҭ, сҩызцәа ақырҭцәа рылаԥш шырхыз здыруан аҟнытә, рыԥсы шҭаз агәра згон. Ажәакала, ари ажәабжь саб ианиаҳа, иҷаҷақәа имнахит, ихы дамыхәо даныҟала, сҩызцәа Адлерҟа дыргеит. Сара ахәра шсоуз здыраз аӷацәа, "Лиова иҷкәын бџьарла даҳҿагылеит" ҳәа ҳаҩны иазышәарацо иалагеит. Аха ишысҳәахьаз еиԥш, исыман зыгәра згоз дара рмилаҭ иахаҭарнакыз, исыцызҳаз аҩызцәа. Дара рыбзоурала сани саби рыԥсы нхеит. Аҩны уеизгьы идырҳәит, аха еиқәхеит наҟ-наҟ аибашьраҟны исыхәаз акы. Уи саб имашьына "ГАЗ 66" агьежьқәа роуп. Зыбзоурала Ԥсахара сиасыз Олег Харбедиа, иҩны иганы иҵәаххьан. Аҵыхәтәан, Олег ҳҭаацәа дрыцхраауан ҳәа ақырҭцәа иҩны рблит", — иажәабжь иациҵоит аибашьра аветеран.
Алхас Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны жәымш дышьҭан, анаҩс ихәра аҽарцәгьо ианалага, иаб ауаа драцәажәан, ӷбала Адлерҟа дыргоит. Аибашьҩы ихы иамаз ахәра аҭәа ҭалан, ишьа иалаларц акы агымхеит. Хымз Урыстәылатәи аҳақьымцәа иԥсҭазаара иазықәԥон.
"Ахәшәтәырҭа санҭыҵ иаразнак Гаграҟа сааит. Аҩны сыуа-сҭынха аԥсшәа нараҳәаны, амҩа ду ахь сцәырҵит сҩызцәа аӡәыр збозар ҳәа. Ус машьынала Буха Агрбеи Рамин Аибеи ааиуан. Шәабацо ҳәа санразҵаа, аибашьра рҳәеит. "Шәара макьана шәхәыҷқәоуп, аҩныҟа шәхынҳәы" ҳәа срызгәамҵит, аха дара "ҳара иубахьоу аҷкәынцәа ҳакәӡам, уажәшьҭа ҳхацәоуп" ҳәа саҭаркит. Сара амҩанызацәа сышрышьҭаз ауп даргьы шысԥылаз аҟнытә, ҳаиманы Ахалшени ҳцеит. Уа ҳшыҟаз, хара имгакәа, Гагратәи аҷкәынцәа рыԥсы ршьарц рхы ахьнықәырҵаз, аӷацәа рылахысуа иалагеит. Рамин Аиба иашьа гәакьа Рома иԥсҭазаарагьы убра иҿахҵәоит. Ахаан исхашҭуам, "Рома дыршьит" ҳәа аҳәҳәара ианалага, Рамин иблақәа…", — игәалашәара хьанҭақәа ҳаицеиҩишеит аибашьҩы.
Рома Аиба анышә дамаданы, иҩызцәа гәакьацәа Алхас Қәпалба иаб имашьына "ГАЗ 66", Олег Харабедиа ииҵәаххьаз агьежьқәа наҵаҵаны, Рома (Кноп) Минараӡе аԥсҟы наиркны Гәымсҭатәи афронт ахь идәықәлеит.
"Сара абџьар сымаӡамызт аҟнытә, Рома (Кноп) усгьы амашьына аԥсҟы укыуп сҳәан, иавтомат ааимысхит. Аибашьра еилгаанӡагьы иаракәын искыз, иаргьы Аԥсны ҭаҳарцәаанӡа "ГАЗ 66" дақәтәаны аибашьцәеи, абџьари, аџьаԥҳани ныҟәигон", — иҳәоит Алхас.
Аибашьҩы игәалашәоит Ахалшени иантәаз, аԥсуа Ар ркомандаҟаҵаҩ Владислав Арӡынба дышрызнеиз. "Сашьцәа, маҷк ауп инхаз, иаашәычҳа" ҳәа ргәы рӷәӷәаны дцеит, аха арҭ ажәақәа наӡаӡа аибашьҩы қәыԥш игәаҿы инхеит.
Алхас Қәпалбеи иҩызцәеи, Ахалшени 920-тәи аҳаракыраҟны ишыҟаз ауп, рациала "Аиааира ҳгеит" ҳәа ажәабжь шраҳаз. Азныказы ахаҵара уадаҩхеит. Нас ауп иангәырӷьараха…
Алхас иахьа уажәраанӡа ибла ихгылоуп ицәыӡыз иҩызцәа. Ихьаа дуны иӷроуп абиԥазаҵә Гиви Аиба иҭахара. Аибашьра имнахит класск аҟны аҵара зциҵоз, ицызҳаз аҷкәынцәа Рома Аибеи Астик Ладариеи. Ирацәаҩӡоуп аибашьра ашьҭахь машәырла иҭахаз.

Алхас Қәԥалба
© Foto
Абаталион "Ураган-Сатурн" иахәҭакыз Алхас Лиова-иԥа Қәпалба иеибашьратә лшамҭақәа рзы ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал. Аҩбатәи агәыԥ аинвалид ҳәа дыԥхьаӡоуп.


