Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 330 ҭадырхеит
09:33 01.10.2026 (ирҿыцуп: 10:28 01.10.2026)

© Sputnik / Станислав Красильников
Анапаҵаҩра
Есыҽны Украинатәи Арбџьармчқәа иртәу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Урыстәыла аҵакыраҿ ажәыларақәа мҩаԥыргоит.
АҞӘА, жьҭаара 1 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 330 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Смоленсктәи, Калугатәи, Тулатәи, Курсктәи, Твертәи, Липецктәи, Тамбовтәи, Орловтәи, Астрахантәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Ҟрыми Амшын еиқәа ақәыԥшылараҿи.