Урыстәыла Арбџьармчқәа Украина аҵакыра ааха ӷәӷәа арҭоит, Зеленски ихымҩаԥгашьа аҭакс
15:13 04.10.2026 (ирҿыцуп: 16:06 04.10.2026)

© Sputnik / Евгений Биятов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 4 — Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа Украина аҵакыра ааха ӷәӷәа арҭоит, Зеленски ихымҩаԥгашьа аҭакс ҳәа рҳәеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҟны.
Украина Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа еиԥнарҟьарц иаҿын аракетақәеи БПЛА-и рхархәарала. Уи иахҟьаны иҭахеит фҩык аҭынч уааԥсыра. Цәыббра 19-20 рзы Москва мацара УкрАрбџьармчқәа рхы иадырхәеит 1600 инареиҳаны ажәыларатә дронқәа.
Иара убасгьы, 2026 шықәса рашәарамзазы Санкт-Петербург имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аекономикатә форум аиԥҟьара хықәкыс иҟаҵаны, ажәыларатә БПЛАқәа рхархәарала атеррористтә жәыларақәа рҽазышәара ыҟан.
Иҳаҩсыз ауха киевтәи арежим Белгород ақалақь анхарҭатә ҳаблақәа ааха рнаҭеит, иҟоуп иҭахази ахәцәеи.
Иара убас, киевтәи арежим ахада аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи анефт аус адуларатә зауадқәа ржәыларақәа ширӷәӷәо, Урыстәылатәи Арбџьармчқәа Киев аобиектқәа ржәыларақәа рҭакс.
"Зеленски иахьатәи иҳәамҭа ашьҭахь Урыстәылатәи Арбџьармчқәа Украина иҟоу арратә, арра-ааглыхратә обиектқәа ржәыларақәа рӷәӷәахоит", — ҳәа аҳәоит аминистрра аҳәамҭаҿы.