00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:04
9 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:51
9 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Актуальный комментарий
21:51
9 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Иԥҳа дышиз идыраанӡа дҭахеит": Алик Ԥлиа изкны

© Foto / Алик Ԥлиа иҭаацәаратә архив"Иԥҳа дышииз идыраанӡа дҭахеит": Алик Ԥлиа изкны
Иԥҳа дышииз идыраанӡа дҭахеит: Алик Ԥлиа изкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2026
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага адырҩаҽны, нанҳәа 15 рзы Цандрыԥшь аҳаблан ақырҭуа десант ӡхыҵит. Зныҭрыс зҽеидызкылаз аԥсуа ҷкәынцәа рымч азымхеит аӷацәа риааира, убри аҟнытә Гагра аанрыжьыр акәхеит. Ахырӷәӷәарҭа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан. Ажәыларатә план шьақәыргыланы, жьҭаара 2 рзы аԥсуа ар Гагра араион ахақәиҭтәразы ԥхьаҟа идәықәлеит. Убри амш аҽны дҭахоит 35 шықәса зхыҵуаз, аҩнаҭаҿы аҵеи иира иазыԥшыз Алик Далбеи-иԥа Ԥлиа. Аибашьҩы иҭоурых анҵоуп иԥшәамыԥҳәыс Алина Арӡынԥҳаи аус зциуаз ажурналист Валери Орчыҟәбеи ргәалашәарақәа шьаҭас иганы.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Алик Ԥлиа Цандрыԥшь аҳаблан диит. Иара занааҭла дфилологын. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа Гагра араионтә газеҭ "Авангард" аурыс ҟәшаҿы корректорс аус иуан.
Алик аҭаацәара далалеижьҭеи уамак ҵуамызт. Иԥшәмаԥҳәыс Алина Арӡынԥҳаи иареи ахәыҷы иира иазыԥшын. Нанҳәа 14, 1992 шықәсазы аҭаацәа аҩны ишыҟаз ажәабжь хьанҭа раҳаит. Аха аԥсуааи ақырҭцәеи рыбжьара изныкымкәа аидысларақәа ҟалахьан аҟнытә, уажәазгьы ҽнак-ҩымш рыла еилгоит ҳәа игәыӷуан, аибашьра хаҭа алагеит ҳәа рхахьы ирзаагомызт.
"Алики иҩызцәа гәыԥҩыки хара имгакәа еиқәҿыҭны Гагра араион ахадара ахыбраҟны еизеит. Аамҭак ашьҭахь илахь еиқәны аҩныҟа дааит, ҽеи ыҟам, еибашьрацәҟьоуп ҳәа. Иаразнакгьы ақалақь салигарц иҭаххеит, аха сара исмуӡеит, уара уда џьаргьы сцом ҳәа салагеит. Аха адырҩаҽны, Рома Бениа иҭаацәеи сареи, ибзианы иаадыруаз қырҭуа ҷкәынак ицхыраарала Шәачаҟа ҳцеит. Убра ҳаҩнан Гәырам Адиқәи иԥшәмаԥҳәыс Наала Гьерзмааԥҳаи руаҭах. Ҳара ҳадагьы ԥыҭҩык Аԥснынтәи инеиз ахҵәацәа хыҵакырҭас ироуит", — еиҭалҳәоит Алик иԥшәмаԥҳәыс Алина Арӡынԥҳа.
Ԥсоу аҳәаа инаркны Ԥсахаранӡа аӷа иҽырӷәӷәааны дтәан. Урыстәылаҟа амҩа аркын. Алик абџьар аахәаразы, насгьы зцәазтәымкәа иҟаз иԥшәмаԥҳәыс лынхашьа аилкааразы Шәачаҟа длеит.
"Аԥарақәа исымаз аасымихын, сымҩашьозар автоматқәа 3-4 ааихәеит. Саргьы саалафит, ԥарада сынужьуеит ҳәа. Акы бацәымшәан, зегь бзиахоит иҳәеит ҭакс. Иахьеиԥш исгәалашәоит уи амш, цәыббра 13 акәын. Сиирамш адырҩаҽны. Убасҟан ауп иареи сареи аҵыхәтәан ҳанеибаба", — ихьанҭоу лыԥсҭазааратә хҭыс далацәажәоит Алина.
Заур Хәыхәыт-иԥа Сақаниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2026
Аԥсны
Ԥсыҭбара ҟамлакәа аибашьра нҵәаӡом: аибашьҩы Заур Сақаниа игәаларшәаразы
Жьҭаара 2 рзы, Григори Еныкь командаҟаҵаҩс дызмаз агәыԥ жәылоит Гагра ахырхарҭахь. Ԥсахара ақыҭан, ақырҭуа школ азааигәара Алик Ԥлиа аӷа ихымца иԥсҭазаара ҿахнаҵәоит. Иара дҭахеит иабхәында Дмитри Арӡынба иганаҿы.
Алик ирыцҳахара ҽнак шагыз диит иԥҳа. Аӡӷаб хәыҷы илыхьӡырҵеит Зафида. Аха иара ари ажәабжь ссир илымҳа аҟынӡа имнеиӡеит…
"Алик Ԥлиа еиԥш иҟаз, агәаӷь зызҭаз ахацәа ирыбзоуроуп иахьатәи ҳҭынч ԥсҭазаара. Иареи сареи имаҷымкәа коллективк аҟны аус еицаҳуит. Зхы-зҿы еихаччоз, аҟазшьа бзиа змаз, иҟәышыз уаҩны сгәалашәараҿы даанхоит. Алик иабду Хәсин игәараҭа Оҭаҳара (Гарԥ аиланхарҭа) хьӡи-ԥшеи агмызт. Хәсин еицырдыруаз абаҩҭарҭәаҩын, абырг ажәлар рызҵаарақәа реилыргараангьы идҵаалоз рацәаҩын, хара дхәыцуан. Иара ихылҵыз зегьы аҵара дуқәа дирҵеит. Иԥҳа Ольга Ԥлиаԥҳа акыр шықәса агазеҭ аредакторс дҳаман", — еиҭеиҳәоит ажурналист Валери Орчыҟәба.
Алик иашьа Сергеи иакәзаргьы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын.
Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Ашот Атиан - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2026
Аԥсны
"Ааха дадыргеит": аибашьҩы Ашот Атиан иҭоурых
Алик Ԥлиа иԥшәмаԥҳәыс илцәыуадаҩуп иара иӡбахә аҳәара. Лара уажәшьҭа дандууп, аха лгәалашәарақәа данырзыхынҳәуа, лыбла ихгылоит лыԥҳа хәыҷы лхала лнапы дшанхалаз. Уи нахыс, Алина асаби лзы ҩ-рольк налыгӡон, анреи абреи ныҟәылгон. Зафида илызҳаит лаб афырхаҵа ихьӡ даԥсаны. Лара иахьа аҳақьым-гинекологс аус луеит Москва. Дҭаацәароуп, длымоуп аԥа.
Алик Далбеи-иԥа Ԥлиа данҭаха ашьҭахь ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал. Иахьа аибашьҩы ихьӡ ахҵоуп Цандрыԥшьтәи абжьаратә школ №2 аклассқәа руакы.
Ажәабжьқәа зегьы
0