Ԥсыҭбара ҟамлакәа аибашьра нҵәаӡом: аибашьҩы Заур Сақаниа игәаларшәаразы

© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтә
Анапаҵаҩра
Цәыббрамза 16 рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Цагьератәи ажәылара мҩаԥыргеижьҭеи 33 шықәса ҵуеит.
Иқәҿирамхаз уи ажәылара еибаны иннажьыз аҳәса дырхаҭарнакуп иахьа зыӡбахә цәырызго аԥҳәыс. Усҟан Мзиа Адлеиԥҳа илхыҵуан 30 шықәса, хҩык зықәра наӡамыз аҷкәынцәа дранын. Убри аҽны дҭахеит Мзиа лыԥшәма агәыԥ "Маугли" акомандаҟаҵаҩ, Аԥсны Афырхаҵа Заур Хәыхәыт-иԥа Сақаниа.

Заур Хәыхәыт-иԥа Сақаниа
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтә
"Аибашьра иалагазар аахыс, уахык иҩны игәы рҭынчны дымԥхьацызт. Ацицарка кәытқәа ҳаман усҟан. Данцоз кыр-кыр ҳәа рыбжьы цәгьахеит. Ишьҭалеит ҿыҭуа. Сан саагьежьаанӡа абарҭ бшьуеит иҳәеит. Ишҿырҭуаз агәашә дынҭыҵны дцеит, уаҳагьы дҳамбаӡеит уинахыс. Дычмазаҩын, Лиау Табаӷәуа иҿы дыҟан ажәылара ианалагоз, убрантә дцеит рҳәеит. Цагьера ианжәылоз аснариад иаахан дашьит. Шәымшәан, дыхәны дыҟоуп егьиуп ҳәа ҳарҳәон. Иаразнакгьы ирзалымгаӡеит иҭахаз иҩызцәеи иареи. Аха, сара издырит деибганы дшыхнымҳәуаз. Ҩымшҟагьы ирзалымгеит, нас ианрырҭа Тҟәарчалҟа иргеит ахәшәтәырҭахь. Аҭоубыҭ ааҳартыргьы рымуӡеит, избанзар, хәҭа-хәҭала деизыргеит. Аԥхәыс лыԥшәма даныԥслакгьы дҵәыуар ҟалаӡом. Алаӷырӡ анкылара цәгьоуп, ара аиҳабацәа рацәаҩхеит, иҟасҵо сақәымшәеит. Ашәыта саганы сыҟан, сыбжьы мгарцаз сцәа сжьы ахьыкылсыбӷаҷаауаз. Санхәа гәаҟ лакәын зынкылара цәгьаз. Иаҳхаҳгагәышьеит усҟан цәгьала. Аха, усгьы уиижьҭеигьы дҳагуп иара. Аб дырхагылазар акәын аҷкәынцәа ианрызҳауаз…", — абас лажәа ахы лкит Аиааира шьаҿак шагыз иԥҳәысеибахаз Мзиа.
Лара ишеиҭалҳәо ала, аибашьра ианналагаз, Заур Кәтол аҩны дыҟан. Абџьар абаҟахыз, иҩызцәа Капта Чагәаа уҳәа рхатә ԥарала абџьар ааргеит наҟ ицаны. Убри инаркны агәыԥ "Маугли" даланы деибашьуан. Сзыхцәажәо аҭаацәа сара схәыҷаахыс издыруа роуп. Анкьа дара ргәылараҵәҟьа ҳанхон, урҭ рыԥхарра иахьагьы исныруеит.
Хәыхәыт Сақаниеи Ламара Турнанбеи хәҩык аԥҳацәеи ҷкәынаки рааӡон. Аиашазы аҭаацәеиқәшәа ззырҳәоз ракәын. Заур иҟазшьала дҟәымшәышәын, насгьы, дырқьынцыцны дрыман дзаҵәын азы. Дҟәандан иара иҟазшьала, дуаҩы лахҿыхын, аха адҵаҟаҵараҿы иҩызцәа дыргәаԥхон, уаҟа иааирԥшуан алеишәа. Заур игәыла, агәыԥ "Маугли" иалаз "Агәымшәараз амедал" занашьоу Роман Чежьиа абас игәалаиршәоит Заур иԥсҭазаара анҿахҵәаз амш.
Хәыхәыт Сақаниеи Ламара Турнанбеи хәҩык аԥҳацәеи ҷкәынаки рааӡон. Аиашазы аҭаацәеиқәшәа ззырҳәоз ракәын. Заур иҟазшьала дҟәымшәышәын, насгьы, дырқьынцыцны дрыман дзаҵәын азы. Дҟәандан иара иҟазшьала, дуаҩы лахҿыхын, аха адҵаҟаҵараҿы иҩызцәа дыргәаԥхон, уаҟа иааирԥшуан алеишәа. Заур игәыла, агәыԥ "Маугли" иалаз "Агәымшәараз амедал" занашьоу Роман Чежьиа абас игәалаиршәоит Заур иԥсҭазаара анҿахҵәаз амш.

Заур Хәыхәыт-иԥа Сақаниа
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтә
"Нани Бебиа, Иарослав Субелиани, Хьрыԥс Шьаҟрыл рышьҭахь командирс Заур Сақаниа далаҳхит ҳгәыԥ "Маугли" иалаз. Заур аиҿкааразы дыбзиан. Џьара ицатәын, иаатәын, аџьаԥҳаны ԥшаатәын зҳәаз еиԥш. Заур Сақаниа данҭахоз ажәылараҿы саргьы сыҟан. Ашьыжь асааҭ ааба рзы Цагьера ақыҭа ҳгеит. Апатронқәа уҳәа иаҭахыз зегь шәызнаҳгоит ҳәа ҳарҳәахьан, аха аиашазы ацхыраара ҳмоуит. Иҳацхраарц инеизгьы џьаԥҳаныла иӷәӷәамызт. Асааҭ жәаҩанӡа убра инкыланы ҳтәан. Ашьҭахь ақырҭқәа иааҳакәшны амацәаз ҳҭаркит. РГУ иааҟәымҵӡакәа ихысуан. Атанкқәа ҳааигәаӡа ианааи ҳақәҵит уа. Уаҳа ԥсыхәа ҳамаӡамызт, ԥхьаҟа ҳазцомызт азы. Сентиабр 16 рзы акәын ари аныҟаз. Акомандир, аиҿкааҩ иаҳасабала уаҳа нызҭахымыз иакәын Заур Сақаниа. Дшәомызт, алеишәа иман, ишақәнагаз инапынҵақәа мҩаԥигон. Ажәылара ҳанцоз дычмазаҩын, ашоура иман. Кәтол Лиау Табаӷәуа иҿы дышьҭан, ҳашцоз иаҳамҳәаӡеит, даҳмырҿыхаӡеит. Лабра ҳанхала, Даҭо Қәҭаландиа дааит ацхыраара ҟазҵо аазгоит ҳәа. Заур ари аниаҳа, сышԥашәмыргылеи иҳәан агәынамӡара ааирԥшызаап. Ииулакгьы Цхьынҵҟар дҳахьӡеит. Аснариад икаҳаз иаахеит ҳанхьаҵуаз. Ҳара ацҳа азааигәарала ҳцеит, иара даҽа ганкы ала. Аӡы ҳарсаанӡа иҳарҳәеит Заур дышҭахаз. Уа еиҭа Касланӡиаа дрымаҳәын, мҩаԥгаҩыс дыҟан уигьы дҭахеит. Иаҳзалымгаӡеит иаразнак. Егьырҭ иҭахазгьы иаргьы хымш рышьҭахь, аицәажәарақәа мҩаԥганы иааҳгеит рыԥсыбаҩқәа. Иҟазшьақәа ртәы ҳҳәозар – убри аҩыза аҟазшьа иман, угәы каҳаны уҟазаргьы ишьҭихуан".

Заур Хәыхәыт-иԥа Сақаниа
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтә
Аиааира амш иԥҳәысеибаны иаԥылаз Мзиа Адлеиԥҳа лыҷкәынцәа иреиҵбыз 13 шықәса ихыҵуан усҟан. 15 шықәса ҵуан лара дҭацаны ари аҩнаҭаҿы даанагеижьҭеи. Аиааира амш лара данаԥылоз алаӷырӡи агәырӷьареи еилалон.
"Аиааира аныҟала ганкахьала сгәы ҭгәырӷьаауан, аха даҽа ганкахьала сыҷкәын заҵә лҳәон санхәа. Ихаҭарнак длоуамызт ҳәарада, аха лара ахаангьы лылахь еиқәҵаны дтәаӡомызт. Лгәы иҭаз лара илдыруан. Зԥа дымԥсыц, уԥа диумырҵәуан лҳәон еснагь. Са стәы ихала дҭамхеит, ара ҳҳаблаҿы мацара маҷҩы аҷкәынцәа ҭахама, иара иҵкыс еиҵбацәазгьы, иабиԥазаҵәқәазгьы, - Дима Папасқьыр иеиԥш шаҟаҩ ҭахада аибашьра цонаҵы. Угәы ухьуеит ҳәарада, аха сгәы касмыжьӡеит саргьы. Схәыҷқәа рыла исхызгеит. Ҳаихо, ҳаигәо убас ирызҳаит, рхатә ҩызцәа ааргеит уажәшьҭа. Ирыхшаз ҟалеит дара, ԥшьҩык амаҭацәа сымоуп иахьа", — лҳәоит Мзиа.

Заур Хәыхәыт-иԥа Сақаниа иԥшәмаԥҳәыс
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтә
Лара лҟазшьала ланхәа Ламара длеиԥшуп, хьаак лымазаргьы илынлырԥшӡом. Дышқәыԥшӡаз дахьаанагаз аҭаацәараҿы иныҟәыргоз атрадициақәа шьҭылкааит. "Слааӡеит" лҳәоит ҩбаҟа шықәса раԥхьа зыԥсҭазаара иалҵыз ланхәа Ламара лзы.
Аиашазы, сара уи аԥҳәыс данысгәалашәо, аҭаца еиҭалҳәо мцрак шалам здыруеит. Ламара леиԥш аҳәсақәа шамаха исымбацызт сыԥсҭазаараҿы, аӡәык, ма ҩыџьак ыҟазар ауеит сымҳәозар. Аибашьра ашьҭахь еибахаз лҭаца длывагыланы лхәыҷқәа лыцлааӡон, ргәашә аҿы ииасуаз дарбанзаалакгьы дычча-ччо акәын аԥсшәа раҳәаны аҩныҟа ишымҩахылгоз. Даараӡа ачеиџьыка змаз ҭаацәаран, уи ахы зкыз лара Ламара лакәын. Убарҭ зегь лҭаца илылалааӡеит, насгьы аԥҳәысеибра закәыз лныԥшыртә дымныҟәеит.
"Зныкгьы сгәы иҭасымкӡеит, санхәа сылхыҵны сцоит ҳәа. Сара сшыхәыҷыз абра аҩнра ҳәа сааит. Санхәа ан иҟалымҵоз ҟалҵон, слааӡеит. Ԥҳәыс хаан, ԥҳәыс бзиан ҽхырцәажәарак аҵам исҳәо. Аибара ҳнылмырԥшӡеит, насгьы санхәыԥҳацәа еиҳәшьцәак реиԥш исыдгылт, афатә-ажәтә ҳагдмырхаӡеит. Сара аус суӡомызт, ҳҽеибыҭаны абра ахәыҷқәа ҳааӡон. Схәыҷқәа амла иамкындаз ҳәа акәын исхәыцуаз, уаҳа акгьы сазхәыцуамызт. Санхәа ҳҵылуаауан зегьы. Ааигәоуп лдунеи анылыԥсах ԥсаҭашкәакәа. Сҭаацәагьы аҩныҟа баҳгоит баала ҳәа ажәакгьы сарымҳәацызт. Урҭгьы ирылшоз ала исыцхраауан", — лҳәоит Мзиа аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа дрызхәыцуа.
Абас аидара хьанҭа даҵаны иахьа уажәраанӡагьы дхандеиуеит Мзиа. Уажәшьҭа лмаҭацәа рыбзиарақәа лбарацы Анцәа диҳәоит. Аиааира амш азы дрыдныҳәалоит ҳауаажәлар зегьы:

Заур Хәыхәыт-иԥа Сақаниа
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтә
"Аиааира амш шысгәалашәо — иара 16 рзы дҭахеит. Убри ак угәы уамакала иунархьуеит. Мчыбжьык инацны инхеит ақырҭуа мпҵыҵахалаҩцәа Аԥсны ралцара амш аҟынӡа. Ус акәзаргьы, Аиааира ахьаҳгаз, саргьы салагәырӷьон, иара дҭахазаргьы. Ԥсыҭбара ҟамлакәа аибашьра нҵәаӡом, уи сымдыруаз. Аԥсынра аибашьра уаҳа иҟамло Анцәа иҳәааит. Инхаз зегь абзиарақәа рԥеиԥшны, аҿар изызҳауа аибашьра рҟәыблааны, иҭахаз рнаҩс аӡәгьы дҭамхо аибабареи, аизҳареи ҟало Анцәа иҟаиҵааит".
Цәыббра 16 рнаҩстәи ахҭысқәа рышьҭахь Цагьера агаразы уаҳа ажәылара аҭахымхеит. Цәыббрамзазы ицоз аҵыхәтәантәи ажәылара иазылхын даҽа мҩақәак. Заур Сақаниа данҭаха даҽа 14 мшы рнаҩс Аԥсны ар иҭадырцәит ҳаԥсадгьыл. Мзиа Адлеиԥҳа аԥҳәысеибара лыҭра дыҭнарҟьаны дыҟазаргьы, зегь зеигәырӷьоз Аиааира амш далагәырӷьон…

Заур Хәыхәыт-иԥа Сақаниа
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтә

