Виачеслав Гладков Аҟәа ҳамҭас иаиҭаз ароиаль аӡынразы Аҟәатәи аҟазара ашкол ахь ииаргоит
11:14 09.10.2026 (ирҿыцуп: 11:31 09.10.2026)

CC0 / /
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 22 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков Аҟәа ҳамҭас иаиҭеит ароиаль. Амыруга гылоуп Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа апарк аҿы.
АҞӘА, жьҭаара 9 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков Аҟәа ҳамҭас иаиҭаз ароиаль аӡынразы Аџьапуа ихьӡ зху Аҟәатәи аҟазара ашкол ахь ииаргоит.
Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа иҟоу апарк аҿы имҩаԥысит ахадара акультура Аусбарҭеи аҳҭнықалақь аԥшаҳәеи апаркқәеи рдирекциеи еиҿыркааз аконцерт.
Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа иҟоу апарк аҿы имҩаԥысит ахадара акультура Аусбарҭеи аҳҭнықалақь аԥшаҳәеи апаркқәеи рдирекциеи еиҿыркааз аконцерт.
Аҟәа амшынԥшаҳәахьы ароиаль дырхынҳәуеит ааԥынразы, уа уи акәша-мыкәша иаԥҵахоит акультура-ԥсшьаратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаарҭа аҭыԥ.
Аԥшаҳәа адирекциа иазԥхьагәанаҭоит ароиаль адәахьтәи аныррақәа рацәыхьчаразы аргылара ҷыда аҟаҵара.
Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа иҟоу аҵакыра — аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи здызыԥхьало, уаажәларратә ҭыԥуп ҳәа азгәеиҭеит ақалақь аԥшаҳәеи апаркқәеи рдирекциа анапхгаҩы Аинар Лабахәуа.