V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьара-рҵаратә цәыргақәҵа аартуп Аҟәа
12:27 14.10.2026 (ирҿыцуп: 13:13 14.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 14 — Sputnik. V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьара-рҵаратә цәыргақәҵа аартуп ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҿы.
Уи иалахәуп урыстәылатәи аҵараиурҭақәа 10 рхаҭарнакцәа.
"Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп аҵаратә системақәеи, академиатә традициақәеи, аҿар ргәазыҳәарақәеи еидызкыло ари акрызҵазкуа аус аиҿкааҩыс ҳахьыҟоу", — иҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Вадим Банников.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны аҿар ареспублика акультура-ҭоурыхтә контекст ҷыда ҳасаб азуны зхаҭабзиара ҳараку аҵара аиуразы алшара роура акраҵанакуеит.
Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа ирылшоит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭалараз аҭагылазаашьақәа рдырра, арҵаратә программақәа реилкаара, аинтерес змоу азҵаарақәа рыҭира. Жьҭаара 14-16 рзы иазыԥхьагәаҭоуп аӡыргарақәа, аҟазара-классқәа, аинтерактивтә усмҩаԥгатәқәа, аквизқәа.
Аиҿкааҩ — Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра.