Урыстәылеи Аԥсни еихдоу рҿартә форум аҩбатәи аетап аатит ААУ
17:00 16.10.2026 (ирҿыцуп: 17:41 16.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 16 — Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни еихдоу рҿартә форум аҩбатәи аетап аатит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы.
"Гәык- ԥсыкала бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит аԥсуа дгьыл аҿы. Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп Аԥсни Урыстәылеи раԥхьагылаҩцәа ҿарацәа еидызкыло ас еиԥш ахаҭарнакратә ҿартә форум адкылара", — иҳәеит афорум аартраан аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.
Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аҿар еиҳа иааигәаны реибадырреи, рԥышәа аимдареи, ридеиақәа реиҭаҳәареи, рзеиԥш интересқәа рыԥшаареи рзы алшара ҟарҵоит ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Зегьы ирыцку — урҭ агәреибагара дырӷәӷәоит, ҳтәылақәа рыжәларқәа реизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи рыҿиаразы ашьаҭа шьҭарҵоит", — ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла ахада.
Хымш рыҩныҵҟа алахәылацәа рзы имҩаԥыргараны иҟоуп атематикатә сессиақәа, астол гьежьқәа, аҟазара-классқәа, аӡыргарақәа, ааглыхратәи асоциалтәи наплакқәа рахь аекскурсиақәа.
Урыстәылеи Аԥсни рҿартә форум актәи аетап мҩаԥысит Ҟабарда-Балкариа аҳҭнықалақь аҟны, ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит 300-ҩык инареиҳаны, урҭ рахьтә 150-ҩык аԥснытәиқәа ракәын.
Афорум хықәкыс иамоуп Урыстәылеи Аԥсни реиҩызара арӷәӷәара, атрадициатә беиарақәеи апатриотизми рышьаҭала иаку агуманитар-информациатә ҵакыра аԥҵара, агәабзиарахьчареи, аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти, атуризми рзы аԥышәа аимдара, жәларбжьаратәи аҿартә усеицура арҿиара, иара убас аиҩызара ацҳақәа рышьақәыргылара, еицырзеиԥшу апроектқәа раԥҵара.
Афорум аиҿкааҩцәа — Аԥсны Аспорт азы аҳәынҭеилакы, Ҟабарда-Балкариа аиҳабыра, аҿар русқәа рзы Афедералтә маҵзура (Росмолодежь), адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыцхыраарала.