"Гранд отель Россия" арыцқьаратә ргыларақәа ықәдыргылаанӡа иаркхоит
19:42 26.10.2026 (ирҿыцуп: 20:08 26.10.2026)

© Foto / Фото/Администрация Сухума
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 26— Sputnik. Аԥсабарахьчаратә прокуратура Гәдоуҭа иҟоу "Гранд отель Россия" арыцқьаратә ргыларақәа ықәдыргылаанӡа иадыркырц азы аӡбамҭа аднакылеит, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада.
Асасааирҭа қьырала изго аилахәыра "Нар 2018" аганахьала асанитар-епидемиологиатә закәанԥҵара аилагарақәа рзы агәаанагара АЕ маҵзурахьы инашьҭуп.
Қьырала изго иахәҭоу амчхара змоу аҭыԥантәи арыцқьаратә ргыларақәа ааихәар акәхоит.
Иара убасгьы административтә ус ахацыркразы ақәҵара рыдыркылеит, араион ахадарахь инашьҭуп аилагарақәа раԥыхреи урҭ ҳаԥхьаҟа раԥырҟәҟәаареи рзы агәаанагара.