Аԥсуа бызшәа амш иазкыз аусмҩаԥгатә еиҿкаан ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны
15:25 27.10.2026 (ирҿыцуп: 15:40 27.10.2026)

© Sputnik / Бадрак Авидзба
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 27 — Sputnik. Аԥсуа бызшәа амш иазкыз аусмҩаԥгатә еиҿкаан ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны.
Аиԥылара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба, аҵара аминистр Хана Гәынба, аҭҵаарадырратәи арҿиаратәи интеллигенциа, арҵаҩцәа, ашколхәыҷқәа, ахәыҷбаҳчақәа рҵаҩцәа.
"Зегьы аԥсуа бызшәа амш рыдысныҳәалоит. Ианакәызаалак аԥсуа цәажәареи аԥсуа гимни ҳаԥсадгьыл аҿы игозааит. Сара агәра ганы сыҟоуп ҳхәыҷқәа, ҳҿар еснагь аԥсуа бызшәа ахә ҳаракны ишыршьало", — ҳәа иазгәалҭеит Хана Гәынԥҳа.
Лара иҭабуп ҳәа ралҳәеит аԥсуа бызшәа арҵареи аҿиареи рганахьала аус зуа зегьы.
Еизаз ирзеиҭарҳәеит аԥсуа ҩыра аҿиара аетап хадақәа ртәы, ари аусхк аҟны аус зуаз аҵарауаа ртәы.
Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иара убас иқәгылеит ашәақәа зҳәоз, ахатәы бызшәа иазкыз ажәеинраалақәа ирыԥхьоз ашколхәыҷқәеи ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәеи.
Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, амилаҭтә литературеи абызшәа аҿиареи рҿы злагала дуу аԥсуа поетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рфотосахьақәа рцәыргақәҵа еиҿкаан.