Ахәыҷтәы спорттә комплекс аадыртит Пицунда
10:58 28.10.2026 (ирҿыцуп: 11:31 28.10.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 28 — Sputnik. Ахәыҷтәы спорттә комплекс аадыртит Пицунда.
Уи аконцерн "Росенергоатом" аҟынтәи ақалақь ҳамҭас иаиуит.
Пицунда ахада инапынҵақәа назыгӡо Анри Багаҭелиа аилахәыра анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит ақалақь аҿиараҿы рлагалазы.

"Иахьа ҳара баша акомплекс акәымкәа, агәырӷьареи, агәабзиареи, насыԥ змоу ахәыҷреи рзы иҿыцу аҭыԥ ааҳартуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Багаҭелиа.
Акорпоративтә функциақәа рзы "Росенергоатом" адиректор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Џьумбери Тҟьебучаа иазгәеиҭеит аконцерн асеиԥш иҟоу асоциалтә акциақәа Аԥсны уажәадагьы ишымҩаԥнагахьоу.
Иара иҳәеит ареспублика ашколқәа рҿы атомтә классқәа жәба шаарту, атәыла Аҵара аминистрреи Аҳәынҭспорти аус шрыцыруа.
Аԥсны еиԥш иԥхоу аусеицура "Росенергоатом" Урыстәыла арегионк, уимоу атомтә қалақьқәеи иареи амаӡам ҳәа азгәалҭеит арегионқәа аус рыцуразы адепартамент адиректор Марина Кирдакова.
Пицунда анапхгара "Росэнергоатом" адиректор хада Александр Шутиков, Џьумбер Тҟьебучаа, анџьныр Беслан Шларба аргылараҿы иҟарҵаз адгылареи ацхыраареи рзы аџьшьаратә шәҟәқәа ранаршьеит.