Гагра асасааирҭаҿы атуристцәа массала ирфаз рԥырхагахеит ҳәа адырра шьақәырӷәӷәам
12:24 28.10.2026 (ирҿыцуп: 13:32 28.10.2026)

© Sputnik / Павел Лисицын
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 28 — Sputnik. Атуриндустриа урыстәылатәи аидгыла Гагра асасааирҭаҿы атуристцәа массала ирфаз рԥырхагахеит ҳәа адырра шьақәнамырӷәӷәеит.
30-ҩык асасааирҭа аҭааҩцәа акьатеиҿкыра рыдбалоуп ҳәа ажәабжь Telegram-каналқәа руак аҿы ианҵан. Ари аинформациа урыстәылатәи атуроператорцәа ишьақәдмырӷәӷәаӡеит.
Атуриндустриа Урыстәылатәи аидгыла аҿы иазгәарҭеит аҿыҵавирустә инфекциа ахҭысқәа аҭыԥ шрымаз, аха асасааирҭа "Изумруд" аҿы массала ԥырхагак ҟалеит ҳәа адыррақәа дара рахь ишымнеиз.
Ачымазарақәа афатә, ма аӡы рыдҳәаларазы макьана ҵаҵӷәы ыҟаӡам, алабораториатә ҭҵаарақәа рылҵшәақәа ирзыԥштәуп ҳәа ацырҵеит аиҿкаараҿы.