Аԥсни Омсктәи аобласти рыбжьара аусеицура аҿиара иалацәажәеит
13:29 29.10.2026 (ирҿыцуп: 14:57 29.10.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 29 — Sputnik. Аԥсни Омсктәи аобласти рыбжьара аусеицура аҿиара иалацәажәеит ареспублика аԥыза-министр ихаҭыԥуааи аобласт агубернатори ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара.
Вараздат Миносиани Маиа Цыбулевскаиеи Витали Хоценкои реиԥылараҿгьы асоциалтә наплакра азҵаарақәа ирыхәаԥшуан.
Аиԥылара мҩаԥысит Омск, асоциалтә наплакыҩцәеи аинвесторцәеи XV жәларбжьаратәи рфорум "ИННОСИБ-2026" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аԥсны ахаҭарнакцәа инеиԥынкыланы хышықәса ҵуеит афорум иалахәуижьҭеи.
"ИННОСИБ-2026" — асоциалтә наплакра аҿиара, аграждантә аԥшьгарақәа, ИИА аҭышәынтәалара аизырҳара рызҵаарақәа иахьрылацәажәо, иреиӷьу асоциалтә практикақәа реимдара ахьымҩаԥысуа форумуп. Сынтәа иара мҩаԥысуан жьҭаара 26-28 рзы.