Ҩ-бжьаски алымқәа ҩбеи иит шықәсыбжак аҩнуҵҟа Аацы иҟоу апарк "Праид" аҿы
14:55 29.10.2026 (ирҿыцуп: 17:42 29.10.2026)

© Foto / парк "Прайд"
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 29 — Sputnik. Ҩ-бжьаски алымқәа ҩбеи иит шықәсыбжак аҩнуҵҟа Аацы иҟоу апарк "Праид»" аҿы.
Апарк ахылаԥшҩы Анатоли Епишев Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, рашәарамзазы амуртәи абжьасқәа ҩба – Пупси Зареи ирхылҵит згәы бзиоу абжьасԥшқақәа.
"Лолеи Нолеи рыхьӡаҳҵеит. Уажәшьҭа урҭ хәымз рхыҵуеит. Ибзиаӡаны рхы рбоит. Иҩуа адәҳәыԥш иқәуп. Акәац рфоит", — иҳәеит иара.
Епишев иажәақәа рыла, абжьасқәа ҩба-хԥа шықәса рахь знык ахшара роуеит. Убри азы урҭ рыҿиара ирласны аизырҳара залшаӡом.
Иара убас сынтәа, лаҵарамзазы иит алымԥшқақәа, Муфаси Феникси рҟынтә.
"Ҳара арҭ алымԥшқақәа рзы аҭакырҭа ҿыц азҳархиоит. Аҵыхәтәантәи ашықәс азы апраид хаҭәааит. Уажәазы ҳара иҳамоуп алымқәа 12 лым, абжьысқәа ԥшьба, алышькьынтыр Иурчик", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Епишев иажәақәа рыла, уажәы Иурчик азы "аԥҳәыс" ҳлышьҭоуп. Аха уи имариоу усым, избанзар азоопаркқәеи апаркқәеи рҿы ари ахкы уиаҟара ирацәам.
Епишев иҳәеит "Праид" апроблема хадақәа ишыруаку — аԥстәқәа аҭагылазаашьа бааԥсқәа рыманы иҭакуп ҳәа ауаажәларра рхәыцра, уи аҭаара анырра анаҭоит ҳәа азгәеиҭеит.
"Ауаа ус шакәым агәра дыргара даара иуадаҩуп. Аԥстәқәа рҭоурых, иахьынтәааго иазҿлымҳау маҷҩуп", — иҳәеит ахылаԥшҩы.