"Росатом" аделегациа аҟәатәи ашкол №15 иаҭааит
15:19 29.10.2026 (ирҿыцуп: 17:43 29.10.2026)

© Video screenshot
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 29 — Sputnik. "Росатом" аделегациа аҟәатәи ашкол №15 иаҭааит.
Уаанӡа ари ашкол аҿы мҽхакыҭбаала аусурақәа мҩаԥысит — ахыбра аҿаԥшылара рҿыцын, аҵакыра еиҿкаан, ахәыҷқәа рзы аҩналарҭа аҩнуҵҟатәи ашҭахь ииаган.
Уи адагьы, ҵыԥх, цәыббрамзазы ашкол аҵакыраҿы аспорттә ҭыԥ ҿыц аадыртит.
Акорпоративтә напынҵақәа рзы "Росенергоатом" адиректор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Џьумбери Тҟьебучаа иажәақәа рыла, аделегациа иалоуп урыстәылатәи атомтә қалақьқәа рхадацәа, Аԥсныҟа иааз алахәылацәа рсиа акырӡа иҭбаауп.
"Аԥсни аԥсуа жәлари иашьаратә еизыҟазаашьала ирзыҟоу сколлегацәа Аԥсны иазыҟарҵои иарҭо ацхыраареи сеигәырӷьоит", — иҳәеит иара.