Аԥсны иҟоу АА рфестиваль Адирекциа ахаҭарнакра агранттә школ афиналтә мшы мҩаԥысит
15:35 29.10.2026 (ирҿыцуп: 17:44 29.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 29 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа ахаҭарнакра агранттә школ афиналтә мшы мҩаԥысит Аҟәа.
Алахәылацәа иахысит асоциалтә проектҟаҵареи аҿар раԥшьгарақәа агранттә цхыраара рыҭашьеи рзы аҵаратә программа.
Уи азырхоуп ауаажәларратә ҵакы змоу аԥшьгарақәа рыдгылареи агранттә ԥаразоужьра адыԥхьаларазы амаругақәа рдырреи.
Раԥхьатәи аиԥылара мҩаԥысит жьҭаара 27 рзы, Гагра акультура аҩнаҿы. Аҩбатәи аетап мҩаԥысит Аҟәа.
Аусдырцәа асоциалтә проект аус адулара аетап хадақәа ирылацәажәеит, апрактикатә усура мҩаԥыргеит: азыҳәақәа реиқәыршәараан лассы-лассы иҟало агхақәа еилдыргеит, апроектқәа рыхәшьара ашәага-загақәа алахәылацәа иддырдырит, рхатәы аԥшьгарақәа рыдгаларазы абжьгарақәа ҟарҵеит.
Аусмҩаԥгатә еиҿыркааит — Аԥсны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа ахаҭарнакреи Афедералтә ҳәынҭқарратә автономтә усбарҭа "Аҿар рресурстә центри", "Росмолодежь.Агрантқәа" аусдырцәа алархәны.