00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Дополнительное время
4 золота и путевка на ЧМ: Еснат Тарба об успехе сборной Абхазии по стритлифтингу
14:49
13 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Авидеопроект "Ахҭырԥа аҿаҳәашьақәа" ӡырган ауаажәларратә центр "Ҳара ҳаицуп" аҿы

© Sputnik / Бадрак Авидзба Презентация видеопроекта "Способы завязывания башлыка" состоялась в Сухуме
Презентация видеопроекта Способы завязывания башлыка состоялась в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 29 — Sputnik. Авидеопроект "Ахҭырԥа аҿаҳәашьақәа" ӡырган ауаажәларратә центр "Ҳара ҳаицуп" аҿы.

Апроект шьақәгылоуп х-минуҭк ицо 16 видео рыла. Урҭ рҿы ахҭырԥа аҿаҳәаразы еиуеиԥшым азнеишьақәа аарԥшуп.

"Атрадициақәеи акультура аиқәырхареи ҳара ҳзы раԥхьа игылоуп, убри аҟнытә ахҭырԥа еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла аҿаҳәашьақәа авидео ианҵан. Урҭ рҿы иаарԥшуп ахҭырԥа ииашаны ишныҟәгатәу, иара убас ахҭырԥа шныҟәыргоз, иахьныҟәыргоз, ииашаны ишухыхтәу, ишҿаҳәатәу ртәы ахьаҳәо аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа", — лҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа аспециалист хада Мрана Блабԥҳа.

Амаҭәа абренд APSSA ахаҭарнакцәа ахҭырԥа аҟаҵареи аныҟәгареи рзы аҟазара-классгьы мҩаԥыргеит.

Иара убас аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан Аԥсны ауааԥсыра итрадициатәу ахылԥарчқәа ахьырхоу архивтә фотосахьақәа рцәыргақәҵа.

Азхьарԥштә материалқәа ӡырыргеит — Аԥсуа бызшәа арҿиаразы Б. Шьынқәба ихьӡ зху афонди аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгиеи.

Уи адагьы, Амилаҭтә библиотека аҟынтәи аетнографиатә материалқәа рдаҟьақәа рҿы, аҭааҩцәа Аԥсны амаҭәа, ахҭырԥагьы убрахь иналаҵаны, аныҟәгара аҭоурых еилыркаар рылшон.

Авидеопроект "Ахҭырԥа аҿаҳәашьа" авторс дамоуп Беслан Лагәлаа.

Ауснагӡатә нанагӡеит аконтент-студиа "Абааш студио", Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭа ацхыраарала.
Ажәабжьқәа зегьы
0