Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы амедцхыраара аиура аиӷьтәразы апроект нагӡоуп "Росатом" ацхыраарала
22:02 29.10.2026 (ирҿыцуп: 22:11 29.10.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 29 — Sputnik. Гагратәи араионтә хәышәтәырҭаҿы амедицинатә цхыраара аиуреи уи ахаҭабзиара аиӷьтәреи рзы апроектқәа нарыгӡеит "Росатом" адгыларала.
Урҭ рахьтә ихадароуп — ахәшәтәырҭа аусура аамҭеихшеи амаҵзурақәеи рзы адыррақәеи уажәшьҭа имарианы апациентцәа рҟынӡа инагахоит ҳәа лҳәеит аҳақьым хада Индира Арсалиаԥҳа.
"Ҳусура иазку аинформациа зегьы, ажәабжьқәа уҳәа ахьыҟоу асаит аԥҵоуп. Иарбоуп аҳақьым идкыларазы уҽахьануҵаша аҭел", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла, уажәы адкыларазы анҵамҭақәа рыбжак дистанциала имҩаԥысуеит.
Инагӡоу даҽа проектхеит — апациентцәа рааира аҳәаақәҵара реихшара. Аҭҵааратә гаҭарақәа иаадырԥшит — зегь реиҳа агәаран дуқәа шышьақәгылоз аҭаҩырҭеи аҳақьымцәа ркабинетқәеи рҿы. Убри аан уа еилыагылар акәхон ачымазцәеи згәы бзиаз аҭааҩцәеи.
Ари апроблема аӡбаразы аполиклиника аҩналарҭа еиҭашьақәдыргылеит, аҭаҩырҭа аусуреи ахыбраҿы аҭаӡҩырақәеи асхемақәеи цәырҵит.