Астанциа маҷ "Лыхны" аиҭашьақәыргылара аетап хада хыркәшоуп.
10:35 30.10.2026 (ирҿыцуп: 10:46 30.10.2026)
Анапаҵаҩра
Астанциа маҷ "Лыхны" аиҭашьақәыргылара аетап хада хыркәшоуп.
Уаҟа иқәдыргылеит ҳаамҭазтәи авакуумтә ркьаҭагақәа ҩба, хара имгакәа ихдыркәшоит афымцацәаҳәамҩангага аргылара ҳәа аанацҳауеит Аенергетика аминистрра.
Аусурақәа хықәкы хадас ирымоуп ауааԥсыра узықәгәыӷша фымцамчла реиқәыршәара аизырҳареи афидер "Хыԥсҭа" ахьанҭара аҵхреи ҳәа иҳәеит аҳәынҭенергохылаԥшра Аусбарҭа аиҳабы Данил Ҭаркьыл.
"Араион аҿы 0,4 киловольт иҟоу аҳақәа реиҭарҿыцра иацҵоуп. Аусурақәа еиццоит х-қыҭак –Ҟәланырхәа, Жәандрыԥшь, Ԥсырӡха рҿы”, — ҳәа ациҵеит иара.