Ажурналистцәеи аблогерцәеи рыбжьара V аицлабра "Алаԥш-2026" ахь азыҳәақәа рыдыркылоит
13:49 30.10.2026 (ирҿыцуп: 16:08 30.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аусумҭақәа кьыԥхьтәуп 2026 шықәса ажьырныҳәа 10 рышьҭахь.
АҞӘА, жьҭаара 30 — Sputnik. Ажурналистцәеи аблогерцәеи рыбжьара V аицлабра "Алаԥш-2026" ахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит.
Аицлабра хықәкыс иамоуп Аԥсни Урыстәылеи русеицура аганахьала ажурналистика адгылареи аҿиареи. Иара 2022 шықәса раахыс, есышықәса Россотрудничество Ахаҭарнакра имҩаԥнагоит. Аԥсны Афырхаҵа, ТАСС афотокорреспондент Андреи Соловиов ихьӡ ахуп.
Аноминациақәа:

иреиӷьу ателехәаԥшратә материал
иреиӷьу арадиоматериал
иреиӷьу акьыԥхьтә материал
иреиӷьу афоторепортаж
аинтернет ресурсқәа, ахатәы блогқәа рҿы иреиӷьу аматериал
1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аамҭаз хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирызку аматериал.
Азыҳәақәа рыдыркылоит абҵара 30 рҟынӡа.