Бадра Гәынба Арбџьармчқәа рҿы аҵарашықәс аихшьаалақәа ҟаиҵеит
14:54 30.10.2026 (ирҿыцуп: 15:56 30.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 30 — Sputnik. Бадра Гәынба Арбџьармчқәа рҿы аҵарашықәс аихшьаалақәа ҟаиҵеит, 2027 шықәсазтәи адҵақәа ықәиргылеит.
Ар рхада арезервистцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит аҽазыҟаҵарақәа иахьрылахәыз азы, Атәылахьчара аминистрра хаҭалатәи аилазаара — ламысцқьала рмаҵзуразы.

Планла имҩаԥган 20 инареиҳаны аоперативтә усмҩаԥгатәқәа, 300 инареиҳаны амобилизациатәи аибашьратәи зыҟаҵараз аусмҩаԥгатәқәа.
Аҳәынҭқарра ахада анапынҵақәа жәпакы ҟаиҵеит, аштабқәеи аруааи иарбан ҭагылазаашьазаалак аҿы изызку ауснагӡатәқәа рынагӡара разыхиара аизырҳареи, аҩаӡарақәа зегьы ирыҵаркуа аҳәынҭқарратәи арратәи напхгараҭара аусбарҭақәа аҵара рҽалархәра алыршареи, Ар Рхада инапхгарала аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿы астратегиатә ҽазыҟаҵара аиҿкаареи, Аԥсни Урыстәылеи рыруаа реицазыҟаҵара алыршареи уахь иналаҵаны.
Гәынба иазгәеиҭеит Урыстәыла Арбџьармчқәа аус ацура аҵак ҷыда шамоу аԥсуа ар рыҿиаразы, уи ԥхьаҟагьы ишацҵатәу.