Бадра Гәынба Аԥсны Аҭҵаардыррақәа ракадемиа аҟны имҩаԥгаз аилатәара ихы алаирхәит
16:57 30.10.2026 (ирҿыцуп: 17:32 30.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 30 — Sputnik. Бадра Гәынба Аԥсны Аҭҵаардыррақәа ракадемиа аҟны имҩаԥгаз аилатәара ихы алаирхәит.
Аҳәынҭқарра ахада Аԥсны Аҭҵаардыррақәа ракадемиа 29 шықәса ахыҵра аҵарауаа ирыдиныҳәалеит.
Бадра Гәынба иҳәеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа анапхгареи уи иаҵанакуа аинститутқәеи жәларбжьаратәи аимадарақәа рышьақәыргылара, лымкаала Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи дареи русеицура аҵак ду шамоу.
Атәыла ахада аҭҵаарадырра аусхк аҟны Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа 2026 шықәсазы изанашьоу аҵарауаа аҳаҭыртә дыргақәа ранаишьеит.

аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Бигәаа Валери — амонографиа "Аԥсуара — аԥсуаа рытрадициатә дин" азы;
афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР академик Џьапуа Зураб — амонографиа "Нарҭаа ирыхҳәаау аԥсуа епос: аҭҵаамҭеи атекстқәеи" рзы;
атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Кимкетов Едуард Маи-иԥеи, атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР академик Марколиа Анатоли — амонографиа "Аԥсны иахьаҵанакуа еиҭахацаркхо афымцамч хыҵхырҭақәа рхархәара алҵшәақәа" рзы.