00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
Новости
Главные темы
18:35
12 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
10 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Аԥсны амҩа хада аӡынтәи аамҭа иаздырхиоит: "Аԥсныамашьынамҩа" аиҳабы ицәажәара
13:17
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аԥсны аҽыбӷаҟазаратә спорт азы ачемпионат мҩаԥысит: Афедерациа аиҳабы иҿцәажәара
13:20
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Хра злоу ахҭысқәа
On air
13:43
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Такие обстоятельства
Разгрузка системы: как бизнес Абхазии заставят экономить электроэнергию?
14:17
2 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
On air
14:44
4 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аибашьра иацу зегь хьаауп – Аппалон Гәыргәлиа игәаларшәарзы…

© SputnikАполлон Гургулия
Аполлон Гургулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2026
Анапаҵаҩра
75 шықәсатәи иқәраныҳәа аԥылара дахьымӡаӡеит санҵамҭа ззыскуа Аԥсны афырхаҵа. Издыруан лассы Аполлон (Даур) Гәыргәлиа иубилеи ҟалараны ишыҟаз, исҭахын схатәы зҵаарақәа иҭаны данысҵарц, аха Аԥсны Аџьынтәылатә еибашьра аан ааӡаб зхызгаз ауаҩы иԥсҭазаара далҵит. Даур ҳәа акәын ишиарҳәоз иуа, иҭахы, дыздыруаз зегьы, убри аҟынтә саргьы уи ахьӡ ауп схы иасырхәо.
Дыздыруан схәыҷаахыс, анаҩс саныҩеидасгьы дандепутатыз, ҳақьым хадас, министрс аус аниуаз уҳәа, акорреспондент лаҳасабала акырынтә сиднагалахьан, ателехәаԥшрахьы ишиашаз ицоз аефир аҿгьы дысзааихьан иара ихациркыз "Агәабзиарахьчара азы азакәан" ахцәажәаразы. Исҳәарц сылшоит ажуралистцәа рзы иаартыз уаҩын ҳәа, азҵаарақәа рҭак аҟаҵара мап ацәикуамызт. Иара ибзоурала ирыдыркылаз азакәан аус ахьамуаз азы, ахәшәтәырҭаҿы аус аниуаз аҳәамҭа ҟаиҵахьан анаҩс амчраҿы "азакәан иаҵгәо актқәа" шрыдрымкылаз азы. Иара игәаанагарала уи иаруадаҩуан азакәан аусура.
© Foto / Саида ҲаџьымДаур Џьгьардатәи агоспиталь аҟны
Даур Џьгьардатәи агоспиталь аҟны - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2026
Даур Џьгьардатәи агоспиталь аҟны
Дҭынчын, даамысҭашәан, ианаҭахызгьы алеишәа ааирԥшуан — абас иҟан иҟазшьа. Алеишәа имамзар, иалшозма Џьгьарда ақыҭан агоспиталь еиҿкааны ауаа рыԥсеиқәырхаҩыс аҟалара. Аҳәара мариоуп, аха аура мариам Даур Гәыргәлиа илшаз зегьы. Ари анҵамҭа саналагоз даара акыр схәыцит сзыҿцәажәарыда ҳәа, аха иара шықәсқәак раԥхьа амчратә усбраҭақәа рҿы ауадаҩрақәа аниоу, уеизгьы-уеизгьы иколлегацәа ихаҵгылаз аӡәгьы дысгәаламшәеит, убри аҟынтә, ҭелла сыҽлымаздеит Џьгьардатәи агоспиталь аҿы "Аиҵбыртәи абжьаратәи аперсонал еидкыланы еиқәыршәаны иҟазҵаз, арӷьажәҩаны иысывагылаз" ҳәа Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳақьым Гәыргәлиа ихаҭа дзыхцәажәоз, "Агәымшәараз амедал" занашьоу Светлана Занҭариаԥҳа.
Лара иахьагьы медиаҳәшьас аус луеит Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭаҿы. Светланеи Даури аибашьра аԥхьагьы уа Очамчыра ахәшәтәырҭаҿы аус еицыруан аԥҟарҭа аҟәшаҿы, иара аҳақьым-аԥҟаҩы иаҳасабала, лара амедиаҳәшьа аиҳабыс.
"Раԥхьатәи сгәалашәрақәа абас иҟоуп — ҷкәына ҵәрышкәак, усҟан орденатурахь дымцаӡацызт. Дласӡа, дԥырԥыруа дыҟан. Нас, иара ҩышықәса Харковҟа дцеит ординатурахь. Уаҟа хырԥашьа змам азеиԥш медицинатә цхыраара аҟәшаҿы аспециализациа дахысит. Данаа еиҭах аус еицаҳуан. Изанааҭ иадҳәало аус аҿы, илеишәа џьбаран, аиҩызараҿы, аԥсҭазаара ишақәнаго имҩаԥигон", — лҳәоит Светлана Константин-иԥҳа аҳақьым дылгәаларшәо.
Даур анхаҩ нага Алмасхан Гәыргәлиа иҩнаҭаҿы изҳаит, иҭаацәара дуун дара, зҳәатәы еиқәшәаз уаан. Усҟантәи аамҭазы, анхаҩ бзиа имаз аҳаҭыр иахьатәи абизнесуаҩ имоу аҵкыс еиҳан, избанзар, ауаҩ нага ззырҳәоз иматериалтә бзазара иахәаԥшны акәӡамызт ихә шыршьоз. Саб урҭ рҭаацәа ҭахцәас иԥхьаӡон, аиҭанеиааира ҳаман, иара убас, аиуара ҳабжьан. Абри зегь зхысҳәаауа, Даур инысымҩа уамакгьы иџьашьатәӡам, избанзар аҳаҭыр змаз ауаа дрылиааит. Аибашьра алагмҭазҵәҟьа дҭахеит иашьа, ашәҟәыҩҩы Борис Гәыргәлиа иԥа Абзагә. Иаҳҳәар ауеит дара иарзнак ирхьысит ҳәа аибашьра иацыз атрагедиа.
© Foto / Аԥсуа телехәаԥшра архивАибашьра иацу зегь хьаауп —Аппалон Гәыргәлиа игәаларшәарзы…
Аибашьра иацу зегь хьаауп —Аппалон Гәыргәлиа игәаларшәарзы… - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2026
Аибашьра иацу зегь хьаауп —Аппалон Гәыргәлиа игәаларшәарзы…
Светлана Занҭариаԥҳа жьҭаарамзанӡа Очамчыра дзалымҵӡеит, аха лара ишылҳәо ала, Даур иаразнакы ахәшәқәа, амедицинатә мыругақәа шьҭыхны далҵит ақалақь. Иаргьы ларгьы рҭаацәеи рыхшареи алыргеит. Аибашьра аӷьырак зегьы Даур иҭаацәеи лара Светлана лтәқәеи лабду Пониа Амыҷба (Даур ианшьа) иҩны иҟан. Светлана илгәалалыршәоит Џьгьардатәи агоспиталь дара рхатәы ҩны еиԥш ишырзыҟалаз, инеиԥынкыланы аамзы уаҟа Даур дивагыланы аус луан ларгьы.
"Даур иаразнак дцеит Џьгьардаҟа, ԥыҭк ашьҭахь Очамчыра салҵны сандуи сабдуи рыҩны саннеи Света дааит ҳәа иаҳаит. Дсышьҭаланы днеит. Ижакьа аушьҭны дыҟан. Ара дара-дара еибабоит, бара брылҵны са сахь баалароуп иҳәеит. Схәыҷқәа рыцҳахоит сҳәан, ара аҩны иҟоу аархылаԥшып иҳәан сигеит".
Ирацәаӡоуп Даур Гәыргәлиа инысымҩа здыруа, иҿыцу акы аҳәарагьы уадаҩзар акәхап, аха усгьы, абраҟа иаазгоит аҵарауаҩ Саида Ҳаџьымԥҳа 2021 шықәазтәи ланҵамҭа аҟынтә цыԥҵәахак. Аибашьра еибашьран, ахәцәа еиқәырхалатәын, аха аҭаацәа раб Даур Гәыргәлиа иҟан амҿы ԥҟатәыс, амца еиқәҵатәыс ианиоузгьы. Абар уи иара ишигәалшәо:
"Сҭаацәа акыраамҭа Отаԥ иҟан. Нас ҳҭаацәара ду зегьы Џьгьардаҟа, ҳаншьцәа рахь ҳаиасит. Ахымҩас уқәнаргылаӡомызт ҳара ҳаҩныҵәҟьа Кәтол. Иааигәан афронт ацәаҳәа. Ахәыҷқәагьы уахь Џьгьардаҟа ииазгеит Отаԥынтәи. Ҳҭаацәа зегьы џьарак ҳаҟан, ҳаншьцәа рҿы. Аӡын асы атәыла бгеит, амҿы ҳҭахын. Атрактор ҳаман ахәшәтәырҭаҿы. Рудик Шьоууа завхозс дҳаман. Харагьы уцаны амҿы ааугартә иҟамызт. Амҩақәа бааԥсын. Рудик "уаала, сыҩны ааҵраҿы игылоуп ахьацақәа, иԥаҳҟап" иҳәеит. Ҳцеит иаргьы саргьы, саҳәшьаԥа Бесик Амҷбагьы дсыцын. Аҵла сықәлан акаҿара сшаҿыз, аӡәы дааит ҽыла.
— Аҳақьым дыжәбазар? Дыҟоума џьаракыр? — ҳәа дҵааит.
— Ара сыҟоуп, —сҳәеит.
— Уара уоума? – иҳәан, — Аиеи, сара соуп, —сҳәеит.
— Уара уда уаҳа иԥызҟо дырмоуӡеи?! — иҳәеит.
— Иҟалеи? — сҳәан, — Ахә дааргеит, — иҳәеит.
— Уааи, сара сҭыԥан ухал, сара снеиуеит уахь, — сҳәеит.
Даахынҳәын, иҽы дласны дцеит. Аиашаз доусу илшо даҿызар акәымзи, аха амҿы… Уара угәхьаа ркуама. Арахь ахәшәтәырҭаҿгьы амҿы ҳҭахын, арахь ҭаацәарак, уаҟагьы жәохәҩык-ҩажәаҩык ҳаҩнан, урҭгьы ахьҭа иакру, шаҟаџьара уҩуеи".
© Foto / Аԥсуа телехәаԥшра архивАибашьра иацу зегь хьаауп —Аппалон Гәыргәлиа игәаларшәарзы…
Аибашьра иацу зегь хьаауп —Аппалон Гәыргәлиа игәаларшәарзы… - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2026
Аибашьра иацу зегь хьаауп —Аппалон Гәыргәлиа игәаларшәарзы…
Дасу иус даҿызар акәымзи, аха Даур иҭихуа асахьа ишаҳнарбо ала, амҿы аԥҟареи, ауаа реиқәырхареи зегь иара еилеигӡар акәын.
Аибашьра раԥхьатәи амзақәа рзы саргьы Кәтол сыҟан. Избон Даур Џьгьардеи Кәтоли дышрыбжьаз. Дыԥсҿыхганы акәын иара дшаҳбоз. Ус сҭаца лыхшараиура аамҭа ааит, Кәачара анҭадырцәуаз аамҭазы. Ҳнеит уахынла агоспиталь аҿы. Агаз зҭаз алампа рыман исгәалшәоит. Даур дыцәан уи аамҭазы. Хырԥашьа змам амедицинатә цхыраара ҳәа иара ииҵаз аҵара амҽхак ҭбаан, убри аҟынтә, ахирург ахшараиура иатәызгьы ҟаимаҭла идыруан. Амедиаҳәшьа "дышьҭылхит" ахәыҷы, нас Даур дгыланы дгәеиҭеит ҳҭаца. Агоспиаталь аҿы аҭыԥ ыҟаӡамызт, Даур адҵа ҟаиҵеит ашьыжь ахәыҷи ани шылҩаатәу азы.
Саида Ҳаџьымԥҳа илиҭахьаз аинтервиу аҿы Гәрыгәлиа еиҭеиҳәоит ахәцәа анырацәаӡаз, иусушьа аԥҟарақәа шыҟаз. Усҟан агоспиталь ашҭа зегь ахәцәа рыла ихҟьаны ианыҟаз аамҭақәагьы ыҟан.
"Ирацәаҩны ахәцәа ааганы ианышьҭарҵо, амедицинатә ҵара ҳанҭазгьы ирҳәон — зегь реиҳа иӷәӷәаны иқьуа иакәымкәан, ҿызымҭуа иахь унеи ҳәа. Уи аҿыҭрагьы илшаӡом азыҳәан, еиҳа иӷәӷәо ҳәа дыԥхьаӡоуп. Убас еилыԥшааны ианаамҭаз зегь ацхыраара раҳҭон", — игәалаиршәот иара.
Хәархьла иԥҟаны ахәцәа еиқәзырхоз ҳәа изырҳәоит здунеи зыԥсахыз Аԥсны афырхаҵа Даур Гәргәлиа. Аибашьра аамҭазы иабаҟаз иаҭахыз амыругақәеи аҿаҳәагақәеи? Аха, Даур ас иҟаз аамҭа уадаҩ азын иҩызцәеи иареи ирыԥшаауан иҷыдоу, аекстремалтә аамҭазы ахархәара зырҭоз амедицинатә мҩақәа: "Раԥхьа аӡы ҳаршуан, иануршалк аџьыка ӡаатәалон. Убри аӡы еихырԥсаны, нас дырҩагь инаганы ачуан иҭаҭәаны аҿаҳәагақәа астириализациа рзуразы убра иҭаҵаны иаҳжәуан. Адезинфекциа злаҟаҳҵоз иҳамаз ауатка (чача) акәын", — иҳәоит Даур.
Зыӡбахә сымоу анҵамҭаҿы Даур лымкаала дахцәажәеит уи агоспиталь аҿы иҟаз ауаџьаҟ: "Абри ауаџьаҟ ауп зегь зыршуаз, зегь ҳзыҟазҵоз. Ачаигьы ара идыршуан, амыругақәагьы абра идыршуан".
© Foto / Саида Ҳаџьым Џьгьардатәи агоспиталь
 Џьгьардатәи агоспиталь - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2026
Џьгьардатәи агоспиталь
Аибашьра цонаҵы Даур ишеиҭеиҳәо ала Џьгьардатәи агоспиталь аҿы 700-ҩык рҟынӡа ахәцәа рыдыркылеит. 100-ҩык рҟынӡа инаӡоу ахирургиатә цхыраара рыҭан. Еиҳа иӷәӷәаӡаз Тҟәарчалҟа, ма Гәдоуҭаҟа ирышьҭуан.
"Абас иҟаз агоспиталь хәыҷқәа (Џьгьарда, Ҷлоу – аред.) зыҟаҳҵаз, ахәра зауз ауаҩы, шаҟа ирласны ацхыраара иуҭо аҟара алҵшәа бзиахоит. Шаҟа цхыраарада ирацәаны аамаҭа цо аҟара, алҵшәа бааԥсхоит", — иҳәоит Даур иинтервиу аҿы.
Араҟа иазгәаҭатәуп, ахәцәа рыдагьы Џьгьардатәи агоспиталь аҿы иаабац ачымазцәагьы шнеиуаз, урҭгьы хылаԥшрада инхомызт, хәыҷи дуи уи ахәышәтәырҭа иадҵаалон. Даур иааиԥмырҟьаӡакәа ивагылаз Светлана Занҭариаԥҳа лыхшара Гәдоуҭаҟа ирышьҭхьан, анаҩс, лара ишылҳәо ала, лмаҭацәа руаӡәы лгәы бзиамызт азы, аамзы рнаҩс ларгьы дԥыруеит Гәыдоуҭаҟа. Аибашьра анеилга мчыбжьык ашьҭахь лара дгьажьуеит лыҩныҟа Очамчыраҟа. Абар Даур аус аиҿкаараҿы дзеиԥшраз азы илҳәо:
"Аибашьра ашьҭахь – мчыбжьык ашьҭахь ауп Гәдоуҭантәи санаа. Иара ибригада иманы Очамчыратәи ахәшәтәырҭаҿы даахьан. Аусуцәа еидикылоны саргьы срыхьӡеит. Аԥхьа сыҩны сныҩнаԥшып сҳәан снеит. Ауаҩы дааишьҭит иаразнак дааиааит ҳәа. Минуҭк атәаха сышәҭ сҳәеит, аха имуит. Сцагәышьеит. Нас, ус имариоума ақырҭқәа ахьыҩназ аилыргара, аиқәыршәара. Хылагәыла еилажьын ахшәтәырҭа. Убри зегьы аҭыԥ иқәҵаны ҿыц аусура ҳалагеит. Сара иахьа уажәраанӡа абра аус зуеит. Даур ихәҭо сзымҳәар ҳәа сшәоит. Ззанааҭ здыруаз, ахаҵарахь дурхар дхаҵаны, анхаҩы иацәажәашьа идыруа, ачынуаҩ иацәажәашьа идыруа, зегь ирыхәҭо еилызкаауаз иакәын".
Апполон Гургулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2026
Аԥсны
Ауаҩы хазына, абаҩхатәра злаз аҳақьым: Апполон Гәыргәлиа изкны
Даур Гәрыгәлиа инысымҩа дууп, ақәра ду изнымҵзаргьы. Аҵыхәтәантәи иусурҭақәа иреиуан Аҟәа иҟоу "Ареспубликатә хәышәтәырҭа" аҳакьым хада иҭыԥ. Аԥсҭазаара абарбал иаҩызоуп, аибашьра хьыӡла-ԥшала иалҵыз ауаҩы, аҭынч ԥсҭазаараҿы амыҟәмабара дақәшәеит. Амчратә усбраҭақәа ҽнак зны, аус ахьиуаз "амчратә операциа" мҩаԥрыгеит ацәгьоура ӷәӷәала изырҿиаз данааныркыло еиԥш. Уи Даур акыр ихьааигеит, дук хара имгакәа ичымазарагьы цәырҵит. Идунеи иԥсахаанӡа иара уи азы гәаӷла иҭәу ҳәамҭакгьы ҟимҵеит, усҟан ихацыркыз "амчратә оперциагьы" гәырӡ-шашәаӡ ибжьаӡит, аҳақьым дзыхдырҟьаз иахьанӡагьы еилкаамкәа. Даур Гәыргәлиа игәы шыбзиамызгьы инаигӡеит инапы злакыз ҩ-томкны иҟоу "Аурыс, алатын, аԥсуа амедицинатә терминқәа ржәар" аҭыжьра. Ари лагала дууп амедицинеи абызшәеи рырҿиаразы.
"Есымша угәалашәараҿы иаанхо аибашьра иацу зегь хьаауп", — абри Даур аҵыхтәантәи аамҭазы ииҳәаз ажәақәа иреиуоуп. Зегь акоуп иара хәыцырҭас иман иҭахаз, ихымхәақәаны инхаз аибашьцәа. Аиааира "иухыугаз уханаршҭуеит" иҳәазаргьы, Даур Гәыргәлиа инарцәымҩа дықәлеит ахатә хьаа шицыз, иуасаиаҭ ажәа мҳәаӡакәа. Дҭынчын иҟазшьала, убас ҭынч даҽа дунеик ахь диасит.
Ажәабжьқәа зегьы
0