Мышәба: Аԥсны аӡынра иҭалоит аенергетикатә лшара еиҳа иҳаракны
17:38 03.11.2026 (ирҿыцуп: 18:07 03.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 3— Sputnik. Аԥсны аӡынра иҭалоит аенергетикатә лшара еиҳа иҳаракны иҳәеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба, аҳәынҭқарра ахада иамҩаԥигаз аилацәажәараҿы.
Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара уажәазы ҵыԥх аасҭа еиҳауп. Уи алыршахеит ирыдыркылаз ауснагӡатәқәеи аԥсабаратә факторқәеи ирыбзоураны.
Аминистр иазгәеиҭеит ианаҭахха ареспублика шазыхиоу афымцамч амҽхак-цҵа аахәара, уи азы аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵахьоу.
Баҭал Мышәба еиҭеиҳәеит аенергиа даҽа хыҵхырҭақәак рыҿиаразы аусура атәы. Ахыркәшарахь инеихьеит амра агенерациа аҭышәныртәалара аусхк аҟны аԥшьгарақәеи идыргыло акоммерциатә хыбрақәа рҭахрақәа реиқәыршәаразы альтернативтә хыҵхырҭақәа ралагаларазы ауснагӡатәқәеи рзы аусура.
Абылтәы аҭагылазаашьа далацәажәо аминистр иҳәеит, иҟоу аҭаҵәахқәа уажәтәи аҭахрақәа ишрызхо.
Убри аан ахәқәа ҳаракны ишаанхо атәы азгәеиҭеит, уи аахәарақәа рыхәԥса аҳаракреи, иара убас Аԥсны аҩнуҵҟа иҟоу аҭагылазаашьа анырра азҭо адәныҟатәи афакторқәа рактуалреи ишрыдҳәалоу.