Путин: Аурыс бызшәеи аурыс жәлари атәыла аԥсҭазаараҿы аидкыларатә роль нарыгӡоит
16:30 04.11.2026 (ирҿыцуп: 17:35 04.11.2026)

© Sputnik / Александр Кряжев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 4 — Sputnik. Аурыс бызшәеи аурыс жәлари атәыла аԥсҭазаараҿы еидызкыло ароль нарыгӡоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Жәлар ракзаара амш аҽны, Москва имҩаԥысуаз "Урыстәыла ажәларқәа" жәларбжьаратәи амчыбжь азы Владимир Путин.
@SputnikLive еизнагеит Урыстәылатәи Афедерациа ахада Жәлар ракзаара амш аҽны Москва имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи амчыбжь "Урыстәыла ажәларқәа" аҟны иқәгылара аҟынтәи атезис хадақәа:
@SputnikLive еизнагеит Урыстәылатәи Афедерациа ахада Жәлар ракзаара амш аҽны Москва имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи амчыбжь "Урыстәыла ажәларқәа" аҟны иқәгылара аҟынтәи атезис хадақәа:
Урыстәыла ҭоурыхла иҿион ажәларқәеи, абызшәақәеи, аҵасқәеи реинырра иабзоураны. Акыр шәышықәсақәа рыҩнуҵҟа атәыла ажәларқәа ркультура "еилаӡҩеит".
Ажәларқәа рыбжьара аҳәоуеиқәшәареи апатуеиқәҵареи Урыстәыла асуверенитети ахьыԥшымреи шьаҭас ирымоуп. Ари ахкырацәароуп амчи алшара дуи алзыршо.
Иахьа иаԥырҟәҟәаатәуп амилаҭбжьаратә еиҿагылара амца ацаҵареи атәылаҿы аҭышәынтәалара аҵшәаареи рзы аҽазышәарақәа зегьы.
Урыстәыла ажәларқәа шәкы инареиҳаны рхаҭарнакцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьоуп Арратә операциа ҷыдаҟны иаадырԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы.
"Илегендартәу Нижегородтәи адгьыл аҿы еизыргаз Минини Пожарскии рыр рахь инеит анхацәа, насгьы еиуеиԥшым амилаҭқәа иреиуоу ауаа. Урҭ роуп Аԥсадгьыл аиқәырхараз афырхаҵара зуз, аинтервентцәа Кремль иқәызцаз. Уи аахыс ажәларқәа реидгылара Урыстәыла алахьынҵаҿы еснагь ихадоу ароль нанагӡон, иахьагьы инанагӡоит".
