"Аԥсны Ҿа" араионтә хаҭарнакра аатит Гагра
17:42 04.11.2026 (ирҿыцуп: 18:07 04.11.2026)

© telegram SputnikAbkhazia
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 4 — Sputnik. "Аԥсны Ҿа" араионтә хаҭарнакра аатит Гагра.
Аҟәша ҿыц напхгара аиҭоит Даур Ҷанба.
Аҟәша ҿыц напхгара аиҭоит Даур Ҷанба.
"Ҳара зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳаидгылароуп Гагра араион аҿы мацара акәымкәа, ареспублика зегьы аҿы. Ҳара ҳгәыӷуеит ҳхаҭарнакра цҳаны иҟалоит ҳәа, ҳхықәкқәа зегьы рынагӡара ҳалшарц азы", — ҳәа азгәеиҭеит Ҷанба.
Аиҿкаара ахантәаҩы Саид Ҟәланба иҳаҩсыз амзақәа рзы имҩаԥгаз аусура ахырхарҭа ҿыцқәа дрылацәажәеит, Аԥсны араионқәа зегьы рҿы аҿар реиҿкаарақәа рыҿиара шаҟа ихадоу азгәеиҭеит.
Еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит "Аԥсны Ҿа" ахантәаҩы уаанӡатәи ихаҭыԥуаҩ Денис Соломко.
Иара аҿар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ахықәкынагӡара аадырԥшларц, аиҳабацәа ирырҭо адыррақәеи, атрадициақәеи, ааӡареи рыдыркылаларц.
"Ҳара ҳаиқәзырхар зылшо акызаҵәык ауп — ҳакзаареи, ҳинтеллектуалтә лшареи, ҳдырреи, ҳаҿиареи", — ҳәа иҳәеит Соломко.