Ақырҭуа ҵакы змоу ашәҟәқәа Аԥсныҟа ралагалара аԥдырҟәҟәааит АШәМ
17:49 04.11.2026 (ирҿыцуп: 18:10 04.11.2026)

© Sputnik / Марианна Кубрава
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 4 — Sputnik. Ақырҭуа ҵакы змоу ашәҟәқәа Аԥсныҟа ралагалара аԥдырҟәҟәааит Қырҭтәыла аҳәааҿы иҟоу Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Дааныркылеит ЕгрыГЕС аусзуҩ Автандил Бераиа, уи ареспублика аҵакырахь қырҭшәала ашәҟәы "Иԥҵәоу ацҳа" 5 екземплиарк алагалара иҽазишәон, автор Нугзар Сарҭаниа иҟаиҵаз аҳәарала.
Уаҟа иануп 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазтәи имцу адыррақәа, ақырҭуа-аԥсуа еизыҟазаашьақәа, урҭ реиҭашьақәыргыларазы ааԥхьарақәа.
Бераиа иганахьала апрофилактикатә еицәажәара мҩаԥыргеит, Сарҭаниеи аматериал аларҵәараҿы ацхыраара изҭоз ахаҿқәеи Аԥсны алалара азин рымхуп.