Амандарин аҽаҩра ҩынтәны ашьҭыхра ргәы иҭоуп Гәылрыԥшь ацитрустә нхамҩақәа руак аҿы
18:06 04.11.2026 (ирҿыцуп: 18:28 04.11.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 4 — Sputnik. Амандарин аҽаҩра ҩынтәны ашьҭыхра ргәы иҭоуп сынтәа Гәылрыԥшь араион аҿы ацитрустә нхамҩақәа руак аҿы.
Анаплакы "Софиа" агроном хада Вартан Боиан Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, ҳазҭоу асезон азы 500 тонна инаркны 600 тонна рҟынӡа ацитрусқәа реизгара ргәы иҭоуп. Ҵыԥх 250 тонна рҟынӡа ыҟан.

"Ҳара ҳҽазаҳшәеит агротехникатә усмҩаԥгатәқәа зегьы рымҩаԥгара, иара убас аҵлақәа реиқәырхаразы аминералтә рҵәыгақәа раҳҭеит. Ҳгәыӷуеит аҳауатә ҭагылазаашьа аҽаҩра аҭагалараан алшарақәа ҳарҭап ҳәа", — азгәеиҭеит иара.
Аизгара иалагарц ргәы иҭоуп абҵара 15 рзы, амш иаԥырхагамхар, ҳәа ациҵеит Боиан.
Анкьа "Софиа" аплантациақәа рҟынтәи амандарина Урыстәылаҟа аҳәаа иахыргон, аха аҽаҩра зегьы аҭира еснагь изалыршахомызт. Ашәыр ахәҭак баша икажьра рықәшәон аҭаххара ахьыҟамыз азы.
Боиан иажәақәа рыла, сынтәа инаркны апроблема ӡбатәуп, избанзар иааиуа амчыбжьқәа рзы араион аҿы ацитрусқәа аус рыдулареи аӡыхаақәа рҭыжьреи рзы азауад хацдыркуеит.
Аалыҵ ахәҭак уахь ирҭиуеит, ахәҭак Урыстәылаҟа аҳәаа иахыргоит.
Ацитрустә нхамҩа "Софиа" аҵакыра — 90 гектар ыҟоуп. Ари аҵакыраҿы иазҳауеит 20 нызқь шьаҭа рҟынӡа амандарин.
Асовет аамҭазы аҵлақәа рхыԥхьаӡара 60 нызқь шьаҭа иреиҳан. Уаҟа раԥхьатәи аҵлақәа еиҭаҳан 1950-1960 шықәсқәа рзы.