Урыстәыла Жәлар ракзаара амш иазкны аконцерт мҩаԥысит Аҟәа, Аҳәынҭфилармониа аҟны
20:20 04.11.2026 (ирҿыцуп: 21:57 04.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 4 — Sputnik. Урыстәыла Жәлар ракзаара амш иазкны аконцерт мҩаԥысит Аҟәа, Аҳәынҭфилармониа аҟны.
"Ҳара ҳаизеит ҳаидызкыло ҳгәалаҳаршәарц — азеиԥш ҭоурых, акультура — ҳаныхәыҷыз аахыс иаадыруа ашәақәа, афильмқәа. Асовет кинофильмқәа рҟынтәи ашәақәа Москва еиԥш Аҟәагьы еиԥшны иԥханы игоит", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Вадим Банников.
Еизаз аныҳәа рыдиныҳәалеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвиновгьы.
"Ари аныҳәа ҳара зегьы ҳзы акраҵанакуеит, Урыстәыла инхо рзы, Аԥсны зыԥсҭазаара зхызго рзы, убри аан Урыстәылеи ҳареи ҳаимадара еиқәырханы", — иҳәеит иара.
Анаҩс асценахь ицәырҵит аныҳәатә хәылԥазы иалахәыз — Аҳәынҭқарратә академиатә аурыс жәлар рансамбль "Урыстәыла", жәларбжьаратәи аицлабрақәа рлауреат Нана Черқьезиа, агәыԥ “Anatrio”, урыстәылазегьтәии жәларбжьаратәии аицлабрақәа рлауреат Дариа Сикалскаиа уҳәа аӡәырҩы.
Урҭ асовет кинофильмқәа рҟынтәи еицырдыруа ашәақәа нарыгӡеит.
Аусмҩаԥгатә иаҭааит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа Џьансыхә Нанба, Вараздаҭ Миносиан, аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.
Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ — Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи Урыстәыла акультура аминистрреи.
Жәлар ракзаара амш — есышықәсатәи ныҳәоуп, уи 1612 шықәсазтәи ахҭысқәа ирызкуп, Кузма Минини Дмитри Пожарскии напхгара зырҭоз жәлар рыр Москва польшатәи аинтервентцәа рҟынтәи ахы ианақәиҭыртәыз. Ари аиааира Урыстәыла аамҭа хәашь акыраамҭа аҵыхәтәа ԥнаҵәеит.