Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 496 ҭадырхеит
08:45 05.11.2026 (ирҿыцуп: 11:04 05.11.2026)

© Sputnik / Станислав Красильников
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 5 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 496 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Астрахантәи, Белгородтәи, Бриансктәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Курсктәи,Нижегородтәи, Орловтәи, Ростовтәи, Риазантәи, Тамбовтәи, Тулатәи аобластқәа рҿы.
Иара убасгьы, аппаратқәа карыжьит Краснодартәи атәылаҿацә, Москватәи арегион, Ҟрым, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.