Адепутатцәа ахәԥсацҵаз ашәахтә зқәым афатә аалыҵ рсиа шьақәырӷәӷәазарц абжьгара ҟарҵеит
13:38 09.11.2026 (ирҿыцуп: 14:21 09.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Апарламент аҿы иахьа имҩаԥысуеит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак аилатәара.
АҞӘА, абҵара 9 — Sputnik. Адепутатцәа Апарламент асессиа аилатәараҿы ахәԥсацҵаз ашәахтә (НДС) иаҵанамкуа злагалареи зыҭиреи зыхәҭам афатә аалыҵқәа рсиа шьақәырӷәӷәазарц абжьгара ҟарҵеит.
Апарламент аҿы иахьа имҩаԥысуеит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак аилатәара.
Апарламент аҿы иахьа имҩаԥысуеит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак аилатәара.
Афинансқәа рминистр Саид Гәбаз иҳәеит асиа ашьақәырӷәӷәара ахымԥадатәра зыхҟьаз азинтә еиҿагылара шакәу. Иара иажәақәа рыла, уаанӡа Аминистрцәа реилазаара ахәԥсацҵаз ашәахтә аҟынтәи зхы иақәиҭыртәыз атауарқәа рсиа шьақәнарӷәӷәеит, аха Апарламент уи иақәшаҳаҭымхеит. Уи аҭыԥан ақәҵара рыдыркылеит уа иарбоу атауарқәа ргәыԥқәа зегьы аамҭала ахәԥсацҵаз ашәахтә аҟынтәи рхақәиҭтәразы.
Асиа ҿыц атауартә номенклатура иақәшәо аҟаҵара ргәы иҭоуп, азинҷыдақәа рҟынтәи зда ԥсыхәа ыҟам аалыҵқәа ирыҵанамкуа апозициақәа ралцара.
Гәбаз ишазгәеиҭаз ала, уи иалнаршоит ахәԥсацҵаз ашәахтә ахадара аиҿкаара, адәныҟаекономикатә усура алахәылацәа рзы еиҳа иҭышәынтәалоу азинтә шьаҭа аԥҵара.
Аминистр ихәшьарала, адокумент адкылара шықәсык ахь 600-700 млн мааҭ абиуџьет ахь иназыцҵоу алагалақәа цәырнагар алшоит.
Убри аан, иара иазгәеиҭеи , зда ԥсыхәа ыҟам атауарқәа рыхәԥса ишазымҳауа.