Абизнес 90% инареиҳаны ахылаԥшра-кассатә аппаратқәа рхархәарала аусурахь ииаргоит
15:10 09.11.2026 (ирҿыцуп: 17:01 09.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 9 — Sputnik. Абизнес 90% инареиҳаны ахылаԥшра-кассатә аппаратқәа рхархәарала аусурахь аиагара азԥхьагәаҭоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Едгар Бениа.
Иара иажәақәа рыла, 10 нызқьҩык анаплакыҩцәа акассатә аппаратқәа шьақәдыргылар, асистема Аԥсны ашәахтәшәаҩцәа 90% инареиҳаны иаҵанакуеит.
Иахьазы, урыстәылатәи аколлегацәа рыцхыраарала иаахәоуп 2 нызқь аппарат, урҭ аусура ралагаларазы амеханизмқәа аус рыдырулоит.
Агәаҭара-кассатә аппарат ҿыцқәа анаҩстәи раахәареи ралагалареи рзы амеханизмқәа ԥхьаҟагьы ирылацәажәахоит ҳәа ациҵеит Бениа.
Жәабранмзазы Аԥсни Урыстәылеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит хәыда-ԥсада атехникатә цхыраара аҟаҵаразы. Урыстәыла Аԥсны ахылаԥшра-кассатә техника ала еиқәнаршәоит, иназыцҵоу ахәԥса ашәахтә ақәҵара ахылаԥшра, онлаин-кассақәеи рхылаԥшразы автоматизациа зызуу асистема алагалара, еиҭамҵуа амазара ашәахтәқәҵара аиӷьтәра аконцепциа аус адулара рыцхырааразы ҳәа рҳәеит АШәМ аҿы.