Аҳәынҭқаррахьчаратә маҵзура акоманда ахысразы атурнир "Иреиӷьу ахысыҩ" аҿы аиааира агеит
16:12 09.11.2026 (ирҿыцуп: 16:58 09.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 9 — Sputnik. Аҳәынҭқаррахьчаратә маҵзура акоманда ахысразы атурнир "Иреиӷьу ахысыҩ" аҿы аиааира агеит.
Аицлабрақәа мҩаԥысуан ареспублика амчратә структурақәа рыбжьара, абҵара 10 рзы иазгәарҭараны иҟоу аԥсуа милициа 105 шықәса ахыҵра аиубилеи аламҭалазы.
Атурнир аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә Усбарҭа ахаҭарнакцәа. Аџьаз ранашьахеит ареспублика Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа.
Аԥхьахәгаҩцәеи алахәылацәеи аҳамҭақәа ранеишьеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.