РУСДРАМ 45-тәи атеатртә сезон аихшьаалақәа ҟанаҵеит
20:27 10.11.2026 (ирҿыцуп: 21:44 10.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 10 — Sputnik. РУСДРАМ 45-тәи атеатртә сезон аихшьаалақәа ҟанаҵеит.
Ахәаԥшцәа рыбжьыаҭара аихшьаалақәа рыла, иреиӷьу спектакльуп ҳәа иалкаан Александр Огариов иқәыргыламҭа "Едит Пиаф". Иара ихаҭа асезон иреиӷьу режиссиорс дыԥхьаӡоуп.
Афранцыз шәаҳәаҩы илызку аспектакльгьы аноминациақәа "Иреиӷьу аԥхәыс рроль", "Иреиӷьу амузыкатә еиҿкаашьа" рҿы аиааирақәа ранашьахеит — Лоида Ҭырқьбеи Алексеи Асееви.
Иреиӷьу ахаҵа ироль ҳәа ирыԥхьаӡеит ақәыргыламҭа "Вирџьиниа Вульф илыцәшәода" аҟны Џьорџь ироль назыгӡаз — Кирилл Шишкин.
Аҩбатәи аплан иреиӷьу аԥхәыс лроль , асахьаҭыхҩы-ақәыргылаҩ иреиӷьу иусумҭа азы аҳамҭақәа ранашьан Ҳани лроль назыгӡаз Лана Гьергьиеи асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩ Рената Демехинеи.
Акостиумқәа рсахьаҭыхҩы Наташа Шпановеи алашаразы асахьаҭыхыҩ Константин Бинкини "Аҷныш" азы аҳамҭа ранашьахеит.
Саид Лазба аспектакль "Акәыкәу аҭра иахыԥраауа" аҟны ироль азы, аҩбатәи аплан иреиӷьу ахаҿсахьа наигӡеит ҳәа дыԥхьаӡоуп, иара убас асезон иреиӷьу аусзуҩ ҳәа далкаан аибыҭаратә цех аиҳабы Аркади Хагәышь.