"Аԥсуаразы игәышԥы алабашьа ицәнарҳәхьеит".
Абас рҳәон ажәлар рҿахәы зҳәоз ауаа нагақәа рзы, уи аинраалаҩцәа, аусеилыргаҩцәа, аҿаԥыцуаа, знысмҩа ҿырԥшыгаз. Шаҟа иаԥсышәа наӡоузеи!
Алабашьа аԥсуа ҳәынҭқарра асимволқәа иреиуоуп. Ақәраду, анарха, аҟәышдырра аанарԥшуеит. Ҳаамҭазы иныҟәызго маҷым, иҟоуп забацәа ирҭынханы измоу, иҟоуп ҳамҭас ауаа хатәрақәа ирызҭо, уи аҵак ду шамац иаанхоит. "Адунеи иақәлоу, жәра зқәым, аԥсуа жәлар ркультура иузаҟәымҭхо иахәҭакны иацу елементуп", — ҳәа иҩуан Шьалуа Инал-Иԥа алабашьазы.
Аханатә ажәытәӡатәи аибашьыга абџьарс иҟаз, ашәарыцацәеи ахьшьцәеи рзы ицхыраагӡаз, иахьагьы ашьха иаҿасыуа аӡәырҩы рзы имаҭәахәуп, иҵыргәоуп. Ахьча изы алабашьа арӷьажәҩоуп рҳәоит. Ацәажәаҩ алабашьа икызар, ицхраауеит рҳәоит. Алабашьа кны ажәа аҳәара "адо́уара" ҳәа иашьҭан (полемизировать, диспутировать).
Аԥсуа лабашьа иазку аинтерес зҵоу афактқәа:
• Алабашьа зку ауаҩы данаагылалак, ауаа икәшаны игылоит, ус иаԥуп — алабашьа зку ажәлар рыгәҭа дгылоуп.
• Абырг аизараҿы алабашьа икымкәа дцәажәаӡомызт, алабашьа анышьҭихлак, "Шәӡырҩы!" аанагоит.
• Ашьха ицаз ауаҩы, амҩан дышнеиуа илабашьа ицәкаҳаны абахә ицәагар, дыԥсы-дынха ирхынҳәыр акәын.
• Асас ашҭа иааҭалаз алабашьа икызар, дцо-даанхо аԥшәма иалеиирдырыр илшон. Илабашьа ахы аҩнашә ахь ихазар, асас даангылон, адәахьыҟа ихазар — днымхакәа дцон.
Алабашьа "абызшәа" атәы еиҳа инарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит абра>>
