Астол гьежь "Абхазия. Точка возврата: от опыта к новым возможностям" мҩаԥысит Аҟәа
13:23 11.11.2026 (ирҿыцуп: 15:14 11.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 11 — Sputnik. Жәларбжьаратәи астол гьежь "Абхазия. Точка возврата: от опыта к новым возможностям" мҩаԥган апартиа "Иаку Аԥсны" аофис аҿы.
Аиԥылара иалахәуп Аԥсни Урыстәылеи русдырцәа, дара алацәажәоит аибашьра алахәылацәа рсоциалтә адаптациазы зхархәара зылшо амеханизмқәа.
"Аԥсны хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра афырхацәа ыҟоуп. Урҭ мҩақәҵаҩцәас ирзыҟалар алшоит Арратә операциа ҷыда иалахәыз ҳтәылауаа рхаҭаранкцәа. Дара ирылшоит рхаҭақәа ирхыргаз, АОҶ аҟынтә ихынҳәуа ирзеиҭарҳәарц. Уи ԥсҭазааратә ԥышәоуп", — азгәалҭеит аинклиузивтә туризм Ассоциациа аиҳабы Руслан Гьергьедааԥҳа.
Лара иазгәалҭеит АОҶ алахәхараан ихымхәахаз рсоциалтәра аҵак ду шамоу.
"Ахымхәара удкылара шԥалшо? Наҟ-наҟгьы ухымхәаны ушԥанхалари? Абизнес ҟауҵар шԥалшо? Убри азы апроект "Абхазия: точка возврата" амотиватор хадас иамоу уи авторцәа ракәӡам, хықәкыла Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра афырхацәа роуп", — ҳәа азгәалҭеит Гьергьедааԥҳа.
Апартиа ахантәаҩы Алхас Барзаниа астол гьежь алахәылацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит, излацәажәо атема аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз рфырхаҵаратә ҿырԥшы шакәу ареспублика ауааԥсыра Арратә операциа ҷыда ахь еибашьра ицарц азы ихадоу факторны ирзыҟаз.
Иара убасгьы аиԥылараҿы иалацәажәараны иҟоуп Аветерантә еиҿкаарақәеи, аҳәынҭқарратә амчратә усбарҭақәеи, анаплакратә еилазаарақәеи, Аԥсни Урыстәылеи рексперттә еиҿкаарақәеи русеицура аҿиара.
Астол гьежь атемақәа иреиуоуп — 2026 шықәса ԥхынҷкәынмза 15-19 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи афорум "Абхазия. Точка возврата".