ААУ астудентцәа Урыстәыла арегионалтә телеилахәырақәа рҿы астажировка рахысра иалацәажәеит
15:48 16.11.2026 (ирҿыцуп: 16:11 16.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 16— Sputnik. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет астудентцәа Урыстәыла арегионалтә телеилахәырақәа рҿы астажировка рахысра иалацәажәеит ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы.
Ажурналисттә факультет астудентцәа х-регионк рахь амҩа иқәлоит, уаҟа урҭ ателерадиоеилахәыра ду аусура еилыркаар рылшоит.
Абри азы хаҭалатәи аиԥылараҿы еиқәшаҳаҭхеит ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови Урыстәылазегьтәи аҳәынҭтелехәаԥшратәи арадиодырраҭаратәи еилахәыра арегионалтә департамент адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Рифат Сабитови.
"Даара акраҵанакуеит аҿар рзы атеориатә дыррақәа роура адагьы блала апрофессионалцәа русура абара, ателехәаԥшра апроцесс, аредакциақәа рыԥсҭазаара аилкаараз алшара рымазарц, ироуа аԥышәа наҟ- наҟ ахархәаразы", — ҳәа аҳәоит Гладков ианҵамҭаҿы.
Астажировка аԥшьнагеит ААУ арҵаҩратә еилазаара, уи анагӡара ахахьы иагеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа.