Абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыдгылара апрограмма анагӡара агәаҭара иалагеит
17:29 16.11.2026 (ирҿыцуп: 18:06 16.11.2026)

© Sputnik / Акоп Кущян
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 16— Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада аусеилыргаратә усбарҭа 2025 шықәсазы абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыдгыларазы ахықәкытә программа анагӡараан аԥаршеиусқәа мҩаԥган ҳәа иҟаҵаз 34 дырра ргәаҭара иалагеит.
Зхахьы ахыдҵақәа ганы иназмыгӡаз, аҳәынҭқарра иарҭаз аԥхасҭа змырхынҳәыз апрограмма алахәылацәа ргәаҭарақәа реихшьаалақәа рыла ашьаус-зинтә хәшьара рыҭахоит, урҭ рзы апроцессуалтә ӡбамҭақәа рыдыркылоит.
Иара убасгьы ахада инапынҵала анаплакреи ақыҭанхамҩеи рыҿиара аусбарҭатә программақәа ргәаҭара иацҵоуп.
Анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи 2025 шықәсазтәи рыҿиара апрограмма аус адыруылеит Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистрреи Аԥсны Аекономика аминистрреи. Апрограмма иазоурыжьит 326 млн мааҭ, урҭ рахьынтә 126 — Урыстәылатәи афинанстә цхыраара аҟынтә.