00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥснытәи арԥарцәа ҩыџьа Алмас Амԥари Ренат Барзаниеи Улиановсктәи аԥырҩцәа иреиҳаӡоу авиациатә ҵараиурҭа иалгеит.

Анапаҵаҩра

Аԥснытәи арԥарцәа ҩыџьа Алмас Амԥари Ренат Барзаниеи Улиановсктәи аԥырҩцәа иреиҳаӡоу авиациатә ҵараиурҭа иалгеит.

Ренат Барзаниа Гәдоуҭатәи, 22 шықәса ихыҵуеит. Аԥырҩыс аҟаларазы амзызқәа ируакын иабду даныхәыҷыз инаркны аԥырра ахьиҭахыз, аха игәҭакы анагӡара лахьынҵас иахьамамыз.

"Сабду ажәа исҭеит, иансызҳалак игәҭакы шынасыгӡо. Раԥхьа уи сабду игәҭакы акәын, аха ашықәсқәа цацыԥхьаӡа уи сара истәхеи", – иҳәеит иара.

Барзаниа иара убасгьы иҳәеит, Улиановсктәи авиаҵараиурҭа шықәсык аԥхьа аусура ишалагаз. Уи аԥхьа ареспублика аҟынтәи астудентцәа аҵара рҵон Краснодартәи аԥырҩцәа иреиҳаӡоу рырратә ҵараиурҭаҿы.

Аԥыррақәа рыдагьы, дара иҭырҵаауан аеродинамика, анавигациа, амашәыртә ҭагылазаашьақәа раан аиқәхара астратегиақәа, апарашиут ала аԥара, иара убас ихадоу амаҭәарқәа — афизика, ахимиа, аматематика, аҭоурых.

Аушьҭымҭацәа азыхиоуп АН, Алмас DA42 реиԥш иҟоу аҳаирпланқәа рыхкқәа рнапхгара.

Пицундатәи 22 шықәса зхыҵуа Алмас Амԥар ишиҳәаз ала, иаб деибашьҩуп, дхәыҷаахыс имҩа данылар иҭахын.

"Авиациа сҽазыскырц сыӡбеит, уи сагьахьымхәит. Сара еснагь аҳаирпланқәа срыднаԥхьалон, аԥырра, урҭ напхгара рыҭара сҭахын", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Амԥар иациҵеит астудентцәа рышықәсқәа аҵара аганахьала мацара акәымкәа, ртәылақәа жәпакы ирхылҵыз рацәажәара иабзоураны аинтерес шрыҵаз.

Акурс аҿы аҵара рҵон Урыстәылантәи мацара акәымкәа, иара убас Аԥснытәи, Лаос, Таџьикисҭан, Узбекисҭан, Азербаиџьан, Виетнам, Чад рҟынтәи астудентцәа.

Урыстәылатәи авиациатә ҵараиурҭа Барзаниеи Ампари рҿы аҵара ахә ахнашәааит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра, уи атәыла Аҳаиртә мчрақәа усурҭа ҭыԥла реиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0