Урыстәыла асанкциақәа рыла аԥышәара ишахәҭоу еиԥш иахысит иҳәеит Путин
10:04 18.11.2026 (ирҿыцуп: 10:41 18.11.2026)

© Sputnik / Дмитрий Азаров
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 18 — Sputnik. Урыстәыла асанкциақәа рыла аԥышәара ишахәҭоу еиԥш иахысит ҳәа иҳәеит Владимир Путин.
Атәыла, уи иаҿагыланы иалагалаз ахьырхәратә уснагӡатәқәа рхыԥхьаӡарала ирекордсменхеит ҳәа азгәеиҭеит иара, Шеньчжен имҩаԥысуа АТЕС афорум аусутә саммит аҿы иқәгылараан.
Путин иазгәеиҭоит уаанӡатәи аекономикатә ԥыжәара амаругақәа иахьазы акгьы шрыҵырымкуа. Асанкциақәа аекономика ааныркылоит, аха ирзыҵшәааӡом.
Аҳәынҭқарра ахада иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи ахышықәса рыҩнуҵҟа Урыстәыла аҩнуҵҟатәи азеиԥш хашәала 10% инареиҳаны иазҳаит, аизҳарагьы иацнаҵоит, аҳәынҭқарратә уал акәзар, адунеи аҿы зегь раасҭа илаҟәу акакәны иаанхоит.
Атәыла адунеитә фатәаалыҵтә шәарҭадараҿы алагала аҟаҵара иаҿуп, ацифратә економика арҿиоит, Азиа-Аокеанҭынчтәи арегион аҿтәи апартниорцәа урҭ атехнологиақәа рыцеиҩшара иазыхиоуп.
Уи анаҩсгьы, Европатәи Аидгыла ахаҭа иаланагалаз асанкциақәа рыхҟьаԥҟьақәа изырнымаалеит ҳәа ациҵеит Путин.