Гал аибашьрааҿы иҭахаз ргәаларшәара аҳаҭыраз абаҟа аргыларазы аԥареизгара рылаҳәоуп
13:42 18.11.2026 (ирҿыцуп: 13:59 18.11.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 18 — Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра афырхацәа ирызку амонумент Гал аргыларазы аԥареизгаратә марафон рылаҳәоуп.
Абри атәы иҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Џьамбул Кәартаа, Гал 94 шықәса ихыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә аҟны.
"Иахьа ҳара агәыҳалалратә марафон ааҳартуеит, уи хықәкыс иамоуп абаҟа "Иҭабуп зҳәо ан" аԥҵаразы ҳамчқәа реидкылара. Ари ҳаԥсадгьыл ахьчаразы игылаз аибашьцәа зегьы ирызку монументуп", — азгәеиҭеит иара.
Абаҟа аԥҵара аҵак ҷыда амоуп. Аԥышәара дуқәа ирхысны, Аԥсуа ар аибашьра Гал араион аҿы ихдыркәшеит ҳәа ациҵеит Кәартаа.
Абаҟа аидеиа акыр шықәсқәа иалацәажәон. 2023 шықәса хәажәкырамзазы иаԥҵан акомиссиа ҷыда, уи иалалеит аибашьра алахәылацәа, араион ахадареи ауаажәларреи рхаҭарнакцәа. Акомиссиа иалнахит еицырдыруа асахьаҭыхыҩ, аскульптор Нугзар Логәуа иусумҭа.