Аԥсни Санкт-Петербурги аусеицура арҭбаара аԥеиԥшқәа ирылацәажәеит
14:29 18.11.2026 (ирҿыцуп: 17:01 18.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 18 — Sputnik. Аԥсни Санкт-Петербурги аусеицура арҭбаара аԥеиԥшқәа ирылацәажәеит.
Иалкаауп ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, асоциал-гуманитартә еимадарақәа рыҿиара, иара убас аинырра ахырхарҭа ҿыцқәа ҳәа аанацҳауеит аполитикатә партиа "Аԥсны Жәлар рфронт".
Аилацәажәара иавлахәын Лаша Сақаниа зхадараҿы дыҟоу апартиа алахәылацәа, Санкт-Петербург агубернатор ихаҭыԥуаа Ирина Потехинеи Кирилл Полиакови, ақалақь Азакәанԥҵаратә еизареи, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи, амчратә усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа.
Сақаниа иажәақәа рыла, Аԥсни Санкт-Петербурги аҵакы змоу асоциалтә проектқәа акымкәа иҩбамкәа инарыгӡахьеит, уажәшьҭазы ахырхарҭа ҿыцқәа ралкаара акраҵанакуеит.
"Ахырхарҭа ҿыцқәа убасҵәҟьа хықәкыла, хра рыманы аус рулар, уи ауп ҳделегациа арахь раара иалҵшәа хаданы иҟалогьы", — азгәеиҭеит иара.
Аусутә еиԥыларақәа мҩаԥысуеит 2026 шықәса ԥхынгәымзазы Аԥсни Санкт-Петербурги реиҳабырақәа рыбжьара аусеицуразы анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны.